Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Бџьарла, напышьашәала – доусы илшоз ҟаиҵон": аибашьҩы Михаил Қаԥшь игәалашәарақәа

© Foto / из личного архива Михаила КаԥшьМихаил Каԥшь
Михаил Каԥшь - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2023
Анапаҵаҩра
Сынтәа иҵуеит 30 шықәса Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра еилгеижьҭеи. Ари арыцхә инамаданы ажурналист Саида Жьиԥҳа аԥхьаҩцәа ирыдылгалоит аԥсадгьыл ахьчара иазықәԥоз аветеранцәа гәыԥҩык реибашьратә мҩа. Иахьатәи анҵамҭа изкуп "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Алаҳаӡыхь ақыҭанхаҩы Михаил Туниа-иԥа Қаԥшь.
Гагра араион, Алаҳаӡыхь ақыҭан аколнхара ахантәаҩыс иҟаз Михаил Тунтиа-иԥа Қаԥшь изы имаӡамызт "ҳашьцәа" мышкызны бџьарла ҳнырҵәаразы иҳажәлоит ҳәа. Иара амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" иалаз, ҵҟа-ҵҟала ақырҭцәа ҳганахь имҩаԥыргоз аполитика ҟьашь амаӡақәа аазыртхьаз дреиуан, аха, аԥсуа жәлар зегь реиԥш, нанҳәа 14 аҽны ҳгәаҳҽанӡамкәа иҳақәлоит ҳәа дгәыӷуамызт.
"Нанҳәа 14 аҽны аколнхаратә техниказы амашьынатә маругақәа раахәаразы амеханики сареи Лоо ҳаҟан. Ҳгьежьны ҳанаауаз, Ԥсоу аҳәааҟны акраамҭа агәаҭарақәа ҳахрыжьит, уи уамашәа избеит, схәыцрақәагьы аахьанҭахеит. Сара Гагра сынхон. Сыццакны аҩныҟа сааны ателевизор анаҿаск, Владислав Арӡынба иқәгыларала еилыскааит "ҳашьцәа" рыгәҭакы анагӡаразы ишҳақәлаз. Иаразнак "Аидгылараа" иахьҳаизырҭаҭыԥыз аԥсуа школ ахь сҿынасхеит. Уаҟа Борис Кьехьыриԥеи, Лиова Гыцбеи, Рома Џьугьелиеи, Сергеи Арсҭааи, Алик Қаԥшьи уҳәа абџьар абаҳаԥшаауеи ҳәа аилауаҭырра иаҿын. Еигәныҩит аҩны автоматқәеи ашәарыцага шәақьқәеи змаз", - игәалашәоит аибашьра аветеран.
© Foto / из личного архива Михаила КаԥшьМихаил Каԥшь
Михаил Каԥшь - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Михаил Каԥшь
Гагра азныказы зҽеидызкылаз аԥсуа хацәа, урҭ Гәдоуҭантәи иааз аҷкәынцәагьы рылан, быжьҩык ракәын автоматқәа змаз, 60-ҩык рҟынӡа ашәарыцага шәақьқәа ркын. Аибашьра аҩбатәи амш аҽны Цандрыԥшь ақырҭуа десант ӡхыҵит. Убраҟа иҟалеит раԥхьатәи аԥсҭбарагьы. Рҩызцәеи рашьцәеи ирывыршьааит Гагратәи арԥыс Иури Қаԥшьи Цандрыԥшьтәи аҷкәын Нури Багаҭелиеи. Анаҩс аӷацәеи дареи рымчқәа анеиҟарамха, аԥсуа ҷкәынцәа шьҭахьҟа ихьаҵит. Аибашьратә цәаҳәа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан. Ақырҭцәа Аԥсны ианақәла нахыс Гагра "Мхедрионаа" рхы иамаԥагьаны иаарыхҭашәо ҟаҵо иалалеит. Аҭынчуаа агәыҭҟьара рызцәырҵит.
Аибашьра раԥхьатәи амшқәа раан аԥсуа хацәа Гәдоуҭа иҟаз аурыс база иақәланы х-нызқь рҟынӡа автоматқәа рӡеит. Дара-дара рыбжьара еихшаны рыԥсадгьыл аӷа иалцара рҽазыршәеит.
"Гагра наҳмыжьыр ада ԥсыхәа аныҟамла, шьхала Бзыԥҭаҟа ҳалбааит. Усҟан еибазымдыруаз аҷкәынцәа ҳрацәан, аха азеиԥш хьаа ҳаиднакылеит. Оҭар Бганба, Витали Кьетиа, Ԥсардиа ҷкәынаки сареи Мамзышьхала Бзыԥҭа аштаб ахь ҳанылбаа, сара Алаҳаӡыхьҟа сыршьҭит, аколхнара хантәаҩыс сызламаз ала, ауаа реидкылара дҵас исырҭеит. Алаҳаӡыхь аиҳарак аерман милаҭ ракәын инхоз аҟнытә, иқәҵны ицаз рацәаҩхеит. Аиаша шәасҳәап агәыԥ сзеидымкылаӡеит. Гәдоуҭантәи иааз аҷкәынцәа роуп акәымзар ҳгәы каҳаргьы ауан. Автондил Гарцкьиеи, Рома Ҭарбеи, Вова Чамагәуеи, Зураб Ԥлиеи, Даур Ԥлиеи, Мелор Гарцкьиеи уҳәа агәыԥқәа еидкыланы иаҳзааит. Шьхала Кавказнхыҵтәи ҳашьцәа лбааит", - еиҭеиҳәоит Михаил Қаԥшь.
© Foto / из личного архива Михаила КаԥшьМихаил Каԥшь
Михаил Каԥшь - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Михаил Каԥшь
62 шықәса дшырҭагылазгьы, даҽа ҩыџьа иԥацәа Мераби Мелори иманы Михаил дивагылеит иаб Тунтиагьы. Бармышьынтәи еибашьуаз Қаԥшьаа иреиуан Лавренти, Валери, Нодар, Вахтанг.
Гагра араион ахы иақәиҭыртәаанӡа, Гаидар Иазычба икомандаҟаҵарала Михаил Қаԥшь Алаҳаӡыхь аҟәарахьчаратә рота аиҳабыс дахагылеит. Уи шьақәгылан аиҳарак Гәдоуҭаа рыҷкәынцәа рыла.
"Ҳара ҳган ала иҳаварххны итәан Алик Ажьибеи, Валери Багаҭелиеи, Автондил Гарцкьиеи, Рома Ҭарбеи, Григори Еныкьи, Џьамал Чрыгбеи, Вита Бганбеи, Руслан Ладариеи, Шамиль Басаеви, Рома Капови, Ибрагим Иаганови ргәыԥқәа. Аибашьыгатә машьынас БМПки танкки заҵәык ракәын иҳамаз. Исгәалашәоит, Гарик Пандалион "С-100" ҳәа изышьҭаз атрактор ааганы абжьы шҳаргоз аӷацәа атехника хьанҭа аус ауашәа ишалаҳжьоз. Бџьарлеи џьаԥҳанылеи зынӡа ҳкәадан, аха уеизгьы напышьашәала аӷа ҳаигәыдларатәы агәаӷь ҳазҭан", - иажәа иациҵоит аибашьра аветеран.
Ԥсахара ақыҭан Михаил Қаԥшьи иҩыза қәыԥш Гиви Аибеи (анаҩс иара Марттәи ажәылараан дҭахоит) амҩаду ала ишааиуаз, атехника хьанҭа абжьы анраҳа, Виктор Шьершьелиа иакәыз џьышьа рхы аныԥхьарымк, аӷа дрылахысит. Миша ахымца ихы иақәшәеит, Гиви инапы. Аха анцәа имчала усҟан рҩыџьагьы рыԥсы еиқәхеит.
© Foto / из личного архива Михаила КаԥшьМихаил Каԥшь
Михаил Каԥшь - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Михаил Каԥшь
Михаил Қаԥшь игәыԥ иалаз аҷкәынцәа ргәымшәара, раԥхьаӡакәны Гагра, ахәбатәи аиланхарҭа "Кемпинг" алаларҭаҟны иҟалаз аиҿагылараҟны ибеит. Убасҟан иагьеиликааит аԥсадгьыл ахь ирымаз абзиабара иаиааиуаз мчык шыҟамыз. Гагра ақалақь ахақәиҭтәраан иҭахеит Михаил Қаԥшь игәыԥ алахәцәа - иаб иашьа иԥа Вахтанг Қаԥшьи иара убас рҩыза ҷкәын Мелор Гарцкьиеи. Дара рцәыӡра ахгара рцәыуадаҩын зегьы, аха ргәы ҿаҳәаны аӷа иахь еиҳагьы ацәымӷра аарԥшны иқәхра рҽазыршәеит аибашьцәа. Гагратәи ажәылараан ҳаҷкәынцәа аӷацәа рҟнытә ирзынхеит 38 цыра ихьанҭоу атехника. Урҭ анаҩстәи ажәыларақәа раан акырӡа ицхыраагӡахеит.
"Гагра ақалақь анҭаҳарцәы, Цандрыԥшьҟа ҳаихеит. Аԥхьанатә ҳаизеит аԥсашьрҭа ҩны "Украина". Убраҟа ҳаибадырит Шамиль Басаеви сареи. 110-ҩык рҟынӡа аибашьцәа аҳәаа ахырхарҭахь ҳдәықәлеит. Урҭ ирхыԥхьаӡалан Рома Чрыгбеи, Оҭар Хьециеи, Арда Анқәаби ргәыԥқәагьы, хазы 75-ҩык рыла ишьақәгылаз агәыԥ иманы шьхала ддәықәлеит Шамиль Басаев. Цандрыԥшьҟа ҳанжәыла, "Золотой пост" ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ ахахьы амаҷ ауп иҳагхаз дыҭҟәаны даҳгон ақырҭуа командаҟаҵаҩ Георги Ҟарҟарашьвили, аха вертолиотла даҳцәыбналеит", - ахҭыс еиҭеиҳәоит аибашьҩы.
© Foto / из личного архива Михаила КаԥшьМихаил Каԥшь
Михаил Каԥшь - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Михаил Каԥшь
Михаил Қаԥшь иажәабжь аҟны иӡбахә иҳәеит аибашьҩы Ҭемыр (Седой) Шьаҟрыл. Уи иҩызаки иареи абџьар шрымазгьы, аурыс ҳәаахьчаҩцәа рылаҿы имааикәа Ԥсоу аӡиас ирны Адлерынӡа ицаны иԥшыхәны иааит. Дазгәеиҭеит Ешыра ақырҭцәа БТР рымхны Гагратәи ажәыларатә аоперациазы иаазгаз Артур Аҩӡба.
Гагра араион аӷа даналцаха, Михаил Тунтиа-иԥа Гәымсҭа ахырхарҭахь дцеит. УЧХОЗ ҳәа изышьҭаз аҭыԥ аҟны аиҿахысра ӷәӷәаан дҭахоит игәыԥ аибашьҩы Владимир Кулабухов. Анаҩс 110-ҩык рыла ишьақәгылаз игәыԥ иманы далахәын Аҟәа аҭарцәра. Ашьҭахь Каманынтәи Ҵабалынӡа инаӡеит, иара убраҟа рырратә уалԥшьақәа шынарыгӡоз ауп Аԥсны аӷа дшалцахаз ахьраҳаз.
Михаил Тунтиа-иԥа Қаԥшь аибашьра ашьҭахьгьы далахәын Аԥсны аҳәаақәа рыхьчара. Ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.
Ажәабжьқәа зегьы
0