Урыстәыла

Ашьха Ҟарабах амца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота российского миротворческого контингента в Нагорном Карабахе
Работа российского миротворческого контингента в Нагорном Карабахе - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2023
Анапаҵаҩра
Ашьха Ҟарабах ареспублика иахьаҵанакуа ҩаха-ҩымшуп Азербаиџьан атеррористҿагыларатә операциа мҩаԥнагоижьҭеи.
АҞӘА, цәыббра 20 – Sputnik. Ашьха Ҟарабах амца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Ермантәыла.
Аиқәшаҳаҭра алыршахеит уырстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рнапхгаҩцәа рыбжьаҟазара иабзоураны. Уи амч аиуеит ахаша, цәыббра 20 асааҭ 13:00 инаркны.
Аҩаша, цәыббра 19 рзы Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах ареспублика иахьаҵанакуа "ҭыԥ-ҭыԥла атеррористҿагыларатә операциа" иалагеит, урҭ хықәкыс ирымоуп аконституциа мчра аиҭашьақәыргылара.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит аруаа хықәкыс ишрымоу аерман арратә обиектқәа. Ереван ишьақәгылаз аҭагылазаашьа агрессиоуп ҳәа ахырҳәааит, иагьырҳәеит Ҟарабах аерман арҟәшақәа шыҟам.
Иара убас Атәылахьчара аминистрра иаанацҳаит имҩаԥырго ауснагӡатәқәа рзы урыстәылатәи аҭынчреиҿкааратә контингент анапхгареи Аҭырқәа-аурыс мониторингтә центр анапхгареи адырра рырҭеит ҳәа. Аха Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мариа Захарова уи аҭакс аҳәамҭа ҟаиҵеит ари аинформациа шиашам, аҭынчреиҿкааҩцәа адырра шроуз ажәылара иалагаанӡа минуҭқәак шагыз.
Мужчина в поселке Карегах - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2023
Урыстәыла
Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Ашьха Ҟарабах зықьҩык рҟынӡа ахәыҷқәа алыргеит
Ажәабжьқәа зегьы
0