Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Маҭәа ҿыцк уеиԥхыӡыр": аԥхыӡқәа рҿы амаҭәа ҵакыс иамоу

CC0 / / Сон
Сон - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥхыӡқәа рҿы амаҭәа ҵакыс иамоу атәы шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Маӡа шәкы рыҵоуп аԥхыӡқәа рдунеи, урҭ амаӡақәа реилкаара ус имариам. Шьыжьы игылаз амш аҩнуҵҟа дзыниаз хҭысқәак, ииӡбараны иҟоу аусқәа, изааигәоу ауаа рызхәыцра уҳәа абарҭ зегьы шеидихәыцло аҵх аҳратәра унагәылалоит. Ауаҩы ацәа данҭанагалалак, ихәыцрақәа иԥхыӡқәа ирнибаалар алшоит.
Аԥсуаа рдунеихәаԥшраҟны аԥхыӡ бзиа узырбо, иухылаԥшуа Аԥааимбар иоуп, аԥхыӡ бааԥс – Аџьныш иоуп рҳәоит. Амала ԥхыӡрыла иубо ишиашоу иҟам, амаана аҵоуп. Иаагозар, ԥхыӡла аӡы кеикеиуа иубар – алаӷырӡ иатәуп, ауаҩы дыԥсуа убар – изҩа ԥсуеит рҳәоит.
Сон - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2022
Аԥсны
"Ԥхыӡ бзиа убааит": аԥхыӡқәа рзы жәлар разгәаҭарақәак
Аԥхыӡқәа рҿы амаҭәа ҵакыс иамоу
Ҳзышьҵылахьоу, иахьеи уахеи ҳабла ихгылоу амаҭәарқәа инадыркны иушәуҵо ацәамаҭәаҟынӡа аԥхыӡқәа рҿы еиуеиԥшым адыррақәа узаадыртыр рылшоит, иаагозар, ахаҵа данышьҭало иеиқәа ихахьы иқәиҵар ҟалом "аԥхыӡ бааԥс ибоит" рҳәоит.
Амаҭәақәа еилазаашьала х-хкыкны рҽеихыршоит: ашәҵатәқәа, ашьаҵатәқәа, ахаҵатәқәа ҳәа. Шьҭа ҳарзааҭгылап аԥхыӡқәа рҿы урҭ ҵакыс иаадырԥшуа.
Маҭәа ҿыцк уеиԥхыӡыр – ибзиоу уск иазҳәоуп.
Зышьхәа ҳараку аимаа ҿыц удыргало убар – анасыԥ бзиа ааира иазҳәоуп.
Аԥхын ӡны маҭәала аҽеилаҳәара уеиԥхыӡыр – ибзиоу уск удыргалоит.
Аимаа ҿыцқәа реиԥхыӡра – амҩа бзиа, аманшәалара иамааноуп.
Ахаҵа ԥхыӡла аҵкы идыршәало ибар – дзырԥхашьаша уск дақәшәоит.
Иушәу амаҭәа азганк уаӷрагыло убар – уус еилыргатәыс изықәнагам ируҭоит.
Ԥхыӡла аиқәаҵәа зшәу рыниара – гәалсрак ахьыҟоу ақәшәара иазҳәоуп.
Аимаажәқәа удыргало ԥхыӡ иубар – узхысхьоу уадаҩрак уеиҭақәшәоит.
Аиқәаҵәа зшәу урылагыланы ԥхыӡ иубар – агәамбзиара иамааноуп.
Амаҭәажә ушәҵаны укәашауа ԥхыӡ иубар – иуаҩсхьоу ҿыԥныҳәак еиҭаугәаладыршәоит.
Уеимаақәа ррыцқьара уеиԥхыӡыр – ус бааԥсык уаиааиуеит.
Маҭәа ҿыцла уеилаҳәаны, асаба уқәтата абара амаҵура ҿыц аҟны аиқәымшәара иамааноуп.
Ачабра аҭыԥан уџьыба маҭәажәк ҭугауа уеиԥхыӡыр – узырԥхашьаша уск уалаҳауеит.
Амаҭәа аарҳәны, ма иҟьашьны иудыркыр – узырԥхашьаша уск уақәшәоит.
Сон - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2021
"Аӡы цқьа ухыԥшылозар - ажәабжь бзиа иатәуп": аԥхыӡқәа ирыдҳәалоу ажәлар разгәаҭарақәа
/Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун Витали Ҳараниа ишәҟәы "Ашацәа рылԥха"/.
Ажәабжьқәа зегьы
0