Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ашәба: аибашьра алагылара уадаҩын, ара ҳаанӡа ашьа ҳамбацызт

Агәалашәара амҩала: Иумит Ашәба еибашьра иазкны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь еибашьра иааз Иумит Ашәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аханатә Аԥсныҟа иаауаз ацхыраара аизгараҿы дшыҟаз, анаҩс арахь аара шиӡбаз, Аҟәа ахақәиҭтәра шигәалашәо.
Иумит еиҭеиҳәеит, аибашьра иалагаанӡагьы Аԥсны аӡбахә шраҳауаз Ҭырқәтәыла инеиуаз ирыбзоураны. Игәалашәоит Фениа Аҩӡԥҳа лнеира, лықәгылара, ҳмеибашьыр ада ԥсыхәа шыҟам анылҳәоз.
"Аибашьра ианалага шықәсык адернеқь аҿы арахь иаауаз ацхыраара ахьеидыркылоз сыҟан. Амаҭәа, акьарахә уҳәа еизаҳгон, нас арахь иааҳашьҭуан. Ҭырқәтәыла инхоз аԥсуаа-адыгаа зегьы ҳара иҳадгылан, ацхыраара анеидаҳкылозгьы уа иҳавагылан. Ажәылара ду ҟалоит Аҟәа агаразы ҳәа адырра анҳаҳа, уа иҟаҳҵоз шазымхоз еилаҳкааит. Ҳаргьы ҳцароуп ҳҳәан ҳааит. Ӷбала ҳааит Шәача. Аҳәаа ҳаиасит. Аҟәа агаразы ажәыларазы абџьар рырҭахьан, ҳара ҳахьымӡаӡеит, ус ҳаанхеит. Абаӷба Баҳадыр иҟама сара исиҭеит. Исыцаазгьы ак ирҭеит", - ҳәа игәалаиршәоит Ашәба.
Иумит абџьар иоуит ажәылараҿы, аха гәаартыла иҳәоит аибашьра иалагылара шыуадаҩыз, ара ҳааиаанӡа кәтыкгьы ҳамшьыцызт ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0