Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Женеватәи аиҿцәажәарақәа хаҳарас ирымоу иалацәажәоит Sputnik аҿы

© Sputnik / Марианна Кубрава Пресс-центр спутник Абхазия
Пресс-центр спутник Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.10.2023
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 9 асааҭ 13:30 рзы Sputnik апресс-центр аҿы имҩаԥгахоит авидеоцҳа Москва-Аҟәа-Цхинвал.
Иалацәажәоит 15 шықәса раԥхьа Урыстәылеи Франциеи рхадацәа Дмитри Медведеви Николиа Саркозии реиқәшаҳаҭрала ихацдыркыз Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа ртема.
Аекспертцәа арҭ аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа ирзааҭгылоит, иазгәарҭоит агуманитартә зҵаарақәеи ашәарҭадара азҵаарақәеи рзыӡбо ирзымыӡбо.
Москвантәи алахәылацәа:
Владимир Џьабаров – Афедерациа Ахеилак жәларбжьаратәи аусқәа рзы аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ;
Аҟәатәи алахәылацәа:
Иракли Ҭыжәба – Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ;
Виачеслав Чрыгба – Аԥсны ахада иҟны еиҿкаау Астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр адиректор;
Цхинвалтәи алахәылацәа:
Константин Кочиев – Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иабжьгаҩ, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны аусутә гәыԥ ахада.
Ажәабжьқәа зегьы
0