Урыстәыла

Путин аиадертә ԥышәарақәа рымҩаԥгаразы азин аҟамҵаразы Аиқәшаҳаҭра инапы аҵеиҩит

© Sputnik / Павел Бедняков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с награжденными военными
Президент РФ В. Путин встретился с награжденными военными - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аиадертә ԥышәарақәа рымҩаԥгаразы азин аҟамҵаразы ишьақәырӷәӷәаз Аиқәшаҳаҭра архынҳәраз азакәан инапы аҵеиҩит. Абри азы адокумент кьыԥхьуп азинтә актқәа рофициалтә саит аҿы.
Азакәан амчра аиуеит официалла ианыркьыԥхь инаркны.
Аиадертә ԥышәарақәа рзин аҟамҵаразы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 1996 шықәсазы, иазырхан уаанӡатәи адокументқәа ирыхьмырԥшкәа аграждантә ма арратә хықәкқәа рзы иарбан ҭыԥзаалак аҿы иарбанзаалак аиадертә бџьар ахархәара ма аиадертә ԥышәара амҩаԥгара азин амҭара.
2023 шықәсазынӡа адокумент рнапы аҵарыҩхьеит 187 тәыла: аиқәшаҳаҭра амчра аиурц азы иаҭаху 44 ҳәынҭқарра рҟынтәи 41 ҳәынҭқарра (арҭ аҳәынҭқаррақәа аиқәшаҳаҭра анапы анаҵарыҩуаз аиадертә бџьар рыман ма аиура иазыхиан).
36 тәыла ари аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит. 2000 шықәсазы Урыстәылагьы уи шьақәнырӷәӷәеит. Аха убри аан ЕАА, Китаи, Израиль адокумент рыдрымкылаӡеит, аха ахәдықәҵа ргеит аиадертә ԥышәара шымҩаԥырымго азы.
Уаанӡа Владимир Путин иҳәахьан Урыстәыла Аиқәшаҳаҭра архынҳәыр ҟалоит, избанзар, ашәҟәы Вашингтон иаднамкылеит ҳәа. Убри аан Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков аҳәамҭа ҟаиҵеит Аикәшаҳаҭра мап ацәкра ишаанамго аиадертә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит ҳәа.
Дмитрий Песков - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2022
Песков ахҳәаа ҟаиҵеит Украина аиадертә бџьар ахархәара аларшараз
Ажәабжьқәа зегьы
0