Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Ҟрым иахьаҵанакуа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа фба карыжьит

© Sputnik / Станислав Красильников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБоевая работа реактивной артиллерийской батареи ЦВО на Краснолиманском направлении
Боевая работа реактивной артиллерийской батареи ЦВО на Краснолиманском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2023
Анапаҵаҩра
Украина жәабран 24 азы арратә операциа ҷыда ианалага инаркны УАМ еснагь аҽазышәара ҟанаҵоит урыстәылатәи аҵакырақәа робиектқәа адронқәа рыла рыжәларазы.
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Ҟрым иахьаҵанакуа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа фба карыжьит аҳауаҽацәыхьчаратә шьақәгылақәа, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Абҵара 2, ашьыжь киевтәи арежим аҽазышәара ҟанаҵеит БПЛАқәа фба рхархәарала Урыстәылатәи Афедерациа аобиектқәа ирыжәларц", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аусбарҭа адыррақәа рыла дронк Амшын еиқәа аҵакыраҿ икажьын, егьырҭ ахәба – Ҟрым аҳауатә ҵакыраҿы.
Украина жәабран 24 азы арратә операциа ҷыда ианалага инаркны УАМ еснагь аҽазышәара ҟанаҵоит Москва назлоу урыстәылатәи аҵакырақәа робиектқәа адронқәа рыла рыжәларазы.
Урыстәыла иаԥну арегионқәа, Курсктәи аобласт, Ҟрым рҿы атеррористтә шәарҭара "аҩежь" ҩаӡара шьақәыргылоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0