Урыстәыла

Амашьыназы абылтәы аекспорт азы Урыстәыла иалагалаз аамҭалатәи аԥкрақәа аԥыхуп

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвтомобильные заправочные станции
Автомобильные заправочные станции - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аиҳабыра абензини адизельтә былтәи рекспорт азы аамҭалатәи аԥкрақәа аланагалеит цәыббрамза 21 рзы.
АҞӘА, абҵара 17 – Sputnik. Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аџьармыкьа азхара ахьыҟоу иабзоураны Аиҳабыра амашьыназы абылтәы аекспорт азы атәылаҟны иаларгалаз аамҭалатәи аԥкрақәа аԥырхит.
Аԥкрақәа алагалан цәыббра 21 раахыс, уи аԥыхра аҩнуҵҟатәи аџьармыкьа азхара ахьыҟоу иабзоуроп.
Уаанӡа абылтәы џьармыкьаҿы аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы аиҳабыра абиржахь абензини адизельтә былтәи рынашьҭра анормативқәа шьҭнахит. Урыстәыла абиржатә хәыԥсақәа мызқәак арекорд шьҭырхит. Аекспертцәа ахәқәа рышьҭыҵра алмыршаразы абылтәы аекспортиорцәа рсиа аԥҵазарц ажәадгала ҟарҵоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0