Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аветеран Ҳасан-оӷлы: Арӡынба ихьӡала быҽшьы ҳәа сарҳәазҭгьы, сақәшаҳаҭын

Дцон аԥҳәызба еибашьра: Асида Хасан-оглы леибашьратә мҩа иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Асида Ҳасан-оӷлы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аибашьра лара лзы ишалагаз, Ҷлоу агоспиталь аҿы лусура ааныжьны афронт ахь дышцаз, аԥҳәыс аибашьраҿы лыҟазаара ҵакыс иамоу атәы.
Аибашьра ианалага Асида 23 шықәса лхыҵуан. Тҟәарчал ашкол аҿы рҵаҩыс аус луан. Ҷлоуаа зегьы еидгылеит ақыҭа хьчатәуп, ҳәа илгәалалыршәоит Асида.
"Ҷлоу ахәышәтәырҭа аадыртырц рыӡбеит. Амедиаҳәшьцәа зегьы еизырган аусура иалагеит. Саргьы уахь сцеит. Ахәцәа ҳадаҳкылон, иаҳрыцқьон. Уи даара ицәгьан, ҳашьцәа, ҳгәылацәа ихәны, ишьны иааргоз иахьагьы сыбла ихгылоуп... Икахәхәа... Анышә иаҳҭаз азузсҭцәада?.." - ҳәа еиҭалҳәеит Асида.
Аветеран акыраамҭа агоспиталь аҿы дшыҟаз аибашьара ацәаҳәахьы ацара лгәы иҭалкит.
"Цагера аҭарцәразы ирыԥхьеит агәыԥ. Амедиаҳәшьа дрымаӡамызт. Жанна Шьалашьааԥҳаи сареи ҳрыццеит. Ҩ-гәыԥк цон. Ақырҭцәа ҳрықәлоит ҳәа ҳандәықәла, аминақәа рахаԥжәара иалагеит ҳаҷкәынцәа. Адгьыл зегьы минала иҭәын. Ҳзымҵысуа ҳҟалеит. Ӷәадаа ԥхьаҟа цеит, аха ҳара ҭыҵшьа ҳзамҭеит", - ҳәа илгәалалыршәоит Ҳасан-оӷлы уи аамҭа.
Асида илҳәеит аибашьраҿы аиааира шыргоз еснагь агәра ганы дшыҟаз.
"Арӡынба дҳаман, иара ихьӡала быҽшьы ҳәа сарҳәазҭгьы, сақәшаҳаҭын", - ҳәа инаҵылшьит лара.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0