Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Цәаҳәеиқәаҵәеи цәаҳәашкәакәеи": ажурналист Саида Жьиԥҳа 2023 шықәса еихылшьаалоит

© Sputnik / Леон Адлейба Саида Жиба
Саида Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.01.2024
Анапаҵаҩра
Ашықәс анҵәамҭазы ҳашьҭахьҟа ҳанԥшлак, еилыкка иаҳбоит инагӡахаз, инагӡамхаз, ҳахьҩашьахаз, ҳахьиашахаз. 2023 шықәса дазааҭгыло, Sputnik Аԥсны ажурналист Саида Жьиԥҳа иазгәалҭоит уи цәаҳәеиқәаҵәеи цәаҳәашкәакәеи рыла ишышьақәгылаз.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
2023 шықәса сара сзы иалагеит ишьахәыз Москватәи аԥсшьарамшқәа рыла. Ашықәс ҿыц раԥхьатәи амчыбжь азы инагӡахеит акраамҭа сгәы иҭакны исымаз сгәазыҳәарақәа ҩба – Қьырса Аиқәырхаҩ иныхабааи, Москватәи Матрона лныхабааи рҭаара. Урҭ рылԥха иалҵшәахеит Аԥсныҟа саныхынҳә, уи аԥхьаҟа снапы зласкхьаз Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраҟны игоу Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы еиқәыршәаны иҭсыжьырц исҭахыз ашәҟәы "Ихәыз ахәыҷра" иақәырӡхоз ахарџь шанаҵас азыԥшаареи аҭыжьреи. Аиашазы ари ахҭыс лабҿаба иҟалаз лакәхеит.
Презентация книги Саиды Жиба в ПЦ Sputnik - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2023
Аԥсны
Ихәыз ахәыҷра: Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иазку ашәҟәы Sputnik аҿы иӡыргоуп
Ааԥынразы Ҭырқәтәылаҟа сцеит уаҟа иҭыҵыз сышәҟәы аӡыргаразы. Хыԥхьаӡара рацәала ҳџьынџьуаа ахьынхоз ақалақьқәа рҟны иахцәажәаны аԥсуа-абаза-ачерқьес хылҵшьҭрақәа ирыларҵәан 1992-1993 шықәсқәа аибашьраан аԥснытәи ахәыҷқәа ирнырыз ахьаа ду атәы зҳәоз ашәҟәы.
Аԥхынразы ҳҭаацәараҟны арыцҳара ҟалеит. Идунеи иԥсахит саб. Уҭаацәа рықәра царгьы, зегь акоуп ухаҿы иузаагом урҭ есааира раамҭа шкьаҿхо. Ианыҟамлогьы – ашьцылара уадаҩуп…
Аусура санҭыҵ, нанҳәамза агәҭа инаркны Sputnik Аԥсны аԥсуа аҟәша аредактор Рада Ажьиԥҳа "бгәы алабхашҭоит" ҳәа хықәкыс иҟаҵаны адҵа сылҭеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игоу Аиааира 30 шықәса ахыҵра инадҳәаланы, зыԥсадгьыл зхы ақәызҵази аибашьра иалахәызи ирызкны анҵамҭақәа сырхиарц. Ус мызки бжаки рыла, ишсықәманшәалахоз џьашьауа 35-ҩык аибашьцәа рҭоурых акьыԥхь иазсырхиеит. Арҭ анҵамҭақәа рахьтә иҟоуп Россотрудничество, ажурналисттә еилазаара рыбжьара имҩаԥнагоз аконкурс аҟны, апублицистикатә-сахьаркыратә жанр аноминациаҿы адиплом иаԥсахаз, убас Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла еиҿнакааз аицлабраҟны иалкаахаз.
Аҭагылазаашьа схы иархәаны, аԥсуа жәлар зегьы гәык-ԥсыкала Ашықәс ҿыц шәыдныҳәало ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара цқьа, анҵыра ду, аразҟы лаша. Ҽаанбзиала!
Столетний дом Али Куадзба в селе Есмаханым в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.01.2023
Аԥсны
"Ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵан": Саида Жьиԥҳа иҳаҩсуа ашықәс алкаақәа ҟалҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0