Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахада Иусбарҭа мцуп аҳәеит Урыстәыла атәылауаҩра шьоукы ирымырхуеит ҳәа игәарлаз ажәабжь

© Sputnik / Томас Тхайцук Администрация Президента РА
Администрация Президента РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2024
Анапаҵаҩра
Асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵит ажәабжь ахада Иусбарҭа Аԥсны аус зуа икоммерциатәым аиҿкаарақәа рактивистцәа рсиа ҟаҵаны урҭ Москваҟа иршьҭызшәа, анаҩс уа Урыстәыла атәылауаҩра рымырхразы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 2 - Sputnik. Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы иаҿаԥырҿит икоммерциатәым аиҿкаарақәа рактивистцәа рсиа Москваҟа ишьҭны Урыстәыла атәылауаҩра рымырхуашәа асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵыз ажәабжь.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара атәылауаа рзинқәа рыхьчареи Аконституциаҿы ишьақәырӷәӷәоу азакәанԥҵаратә нормақәа рынагӡареи апринципқәа ирықәныҟәоит, урҭ рыбжьара иҟоуп икоммерциатәым аиҿкаарақәа рхақәиҭреи рырҿиареи", - ҳәа ануп аҳәамҭаҿы.
Иазгәаҭоуп аоппозициаа иртәу интернет хыҵхырҭақәак рҿы ишымцу дырны ажәабжь ԥаршеиқәа ауаа лассы-лассы ирыларҵо ишалагаз, атәыла аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа еиларгарц азы.
Ахада иусбарҭа атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ргәы рҽанызарц, игәароу ажәабжьқәа зегьы рыгәра рымгаларц, цқьа еилымкаакәа даргьы урҭ ауаа ирыларымҵаларц, убри аан "апатуеиқәҵареи егьырҭ ауаа ахьымӡӷ рмыргареи аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц".
Ажәабжьқәа зегьы
0