Урыстәыла

Иапониа иҟалаз адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 30-ҩык рҟынӡа инаӡеит

© Sputnik / Александр КряжевЗемлетрясение
Землетрясение  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2024
Анапаҵаҩра
Уаанӡа рыӡбахә ҳәан иҭахаз 24-ҩык. Ахәрақәа зауз жәаҩыла иҟоу.
АҞӘА, ажьырныҳәа 2 - Sputnik. Иапониа апрефектура Исикава иҟалаз адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 30-ҩык рҟынӡа инаӡеит ҳәа аанацҳауеит ателеканал NHK, аҭыԥантә иаҳабыра рдыррақәа шьаҭас иганы.
ЗЕгь реиҳа ауаа ҭахеит Вадзима ақалақь аҿы — 15-ҩык. Ауаа аҩнқәеи ахбеилаҳаз ирыҵаханы иҟазар ауеит.
Иапониа мраҭашәаратәи ахәҭаҿы инеиқәырццакны адгьылҵысра ӷәӷәақәа ҟалеит ашықәс ҿыц актәи амш аҽны. Урҭ ирыхьӡырҵеит "Адгьылбжьахала Ното аҿы адгьылҵысрақәа". ЗЕиԥшла ҩ-сааҭк рыла апрефектурақәа Исикавеи Ниигатеи рҿы иҟалеит 30 дгьылҵысра, зегь реиҳа иӷәӷәаз амагнитуда 7,6 балл иҟан.
Ажәабжьқәа зегьы
0