Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҭыԥҳацәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы Аԥсны ахраҿа згаз еилкаахеит

© Foto / Государственный комитет РА по делам молодежи и спортуКоманда РШВСМ стала обладателем Кубка Абхазии по баскетболу среди женских команд
Команда РШВСМ стала обладателем Кубка Абхазии по баскетболу среди женских команд - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2024
Анапаҵаҩра
Аицлабрақәа мҩаԥысуан Аҟәа, ажьырныҳәа 4-7 рзы, ахәмарра иалахәын жәа-командак.
АҞӘА, ажьырныҳәа 7 - Sputnik. Иреиҳаӡоу аспорттә ҟазара ареспубликатә школ акоманда аҭыԥҳацәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы Аԥсны ахраҿа иаԥсахеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.
Афинал аҟны еиқәшәеит "Аԥсны амҵәыжәҩақәа" акомандеи дареи, аиааирагь ргеит 49:64 ҳәа.
Ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит Афонҿыцтәи амҵәышәмпыласыҩцәа ириааиз акоманда "Спартак 2".
Аицлабраҟны иреиӷьу ахәмарҩцәа ҳәа иалыркааит Кәыҵниаԥҳа Алекса, Гәбазԥҳа Ева, Занҭариаԥҳа Камилла, зегь раасҭа далкаахеит (MVP - аред. азгә.) Каҷарааԥҳа Дарина.
Аицлабра мҩаԥысуан ажьырныҳәа 4 инаркны 7-нӡа. Иара иалахәын жәа-командак: "Очамчыра", "Спартак 2", "Тҟәарчал", "Аԥсны амҵәыжәҩақәа", "Аԥсны амҵәыжәҩақәа 2", "Аԥсны амҵәыжәҩақәа 3", "Иреиҳаӡоу аспорттә ҟазара ареспубликатә школ" (РШВСМ), "Афон ҽыц", "Гагра", "Аҟәа".
Ажәабжьқәа зегьы
0