Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи урыстәылатәи анефҭаалыҵ аекспорт азы алгаратә баџьқәа аԥырхит

© Sputnik / Марианна Кубрава Граница по реке Ингур
Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.01.2024
Анапаҵаҩра
Адокумент Москва нап аҵарҩит ԥхынҷкәын 30 2023 шықәса рзы, амч аиуит ажьырныҳәа 10 2024 шықәса рзы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи ажьырныҳәа 10 инаркны алгаратә ҳазалхратә баџьқәа аԥырхит урыстәылатәи анефҭаалыҵи агази ареспубликахь рекспорт азы, атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра амҩаԥгашьазы аиқәшаҳаҭрахь абарҭ аиҭакрақәа рзы аԥкаанҵа кьыԥхьуп азинтә актқәа рпортал аҿы.
Иара убас иазԥхьагәаҭоуп апластмасси уи иалху амаҭәарқәеи, алиуминии, аметалл еиқәаҵәақәеи, урҭ ирылху амаҭәарқәеи, егьырҭ аметаллургиатә аалыҵи алгаратә ҳазалхратә баџьқәа раԥыхра.
Убри аан абаџь аԥырхуеит атәылақәа зықәшаҳаҭу аалыҵқәа рымҽхак азы. Уи еиҳау амҽхак Урыстәыла амч змоу азыԥҵәа азалырхуеит. Аахыҵ Уаԥстәылаҟа 2024-тәи ашықәс азтәи амҽхак шьақәыргылахоит, атәылақәагьы ақәыршаҳаҭхоит жәабран 1 аҟынӡа, 2025 шықәсазтәи - 2024 шықәса жьҭаара 1 аҟынӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0