Выборы президента России - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2024
Урыстәыла ахада иалхрақәа

Путин икандидатура адгыларазы 1,8 миллион инеиҳаны анапынҵақәа еидкылоуп

© Sputnik / POOL/Михаил Метцель / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча президента РФ В. Путина с президентом Белоруссии А. Лукашенко
Встреча президента РФ В. Путина с президентом Белоруссии А. Лукашенко - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2024
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахьынӡанаӡааӡо анапынҵақәа еидыркалоит аволонтиортә еиҿкаарақәа, апартиа "Иаку Урыстәыла", Урыстәылазегьтәи Жәлар рфронт.
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Владимир Путин Урыстәыла ахада иалхрақәа рылахәхаразы иӡбамҭа адгыларазы 1,8 миллион инеиҳаны анапынҵақәа еидкылоуп, абри атәы аанацҳауеит акандидат исаит putin2024.ru.

"Аштаб хадахьы ашәҟәқәа аагоуп Урыстәыла 89 регион рҟынтәи", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Азакәан инақәыршәаны, ахада иалхрақәа рахь зхала зхы ықәзыргыло акандидат алхыҩцәа рҟынтәи 300 нызқь напынҵа еидикылароуп. Алхрақәа ирылахәу акандидат идгыларазы еидкыло анапынҵақәа Урыстәыла АКХ ахь инагатәуп ԥхынҷкәын 27 инаркны ажьырныҳәа 31 рҟынӡа, уи ашьҭахь алхратә комиссиа урҭ ирыхәаԥшуеит, жәамш рыҩнуҵҟа акандидат иҭаҩразы аӡбамҭа рыдыркылоит.
Афедерациатә хеилак Урыстәыла ахада иалхра арыцхә ҳәа ишьақәнаргылеит 2024 шықәса хәажәкыра 17. Урыстәыла АКХ ахада иалхразы абжьыҭарақәа хымш хәажәкыра 15-17 рзы ишымҩаԥысуа шьақәнарӷәӷәеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0