Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аныҳәатә ԥсшьарамшқәа раан 200-ҩык рҟынӡа Абраскьыл иҳаԥы иаҭааит

© Sputnik Отапская пещера
Отапская пещера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2024
Анапаҵаҩра
Абраскьыл иҳаԥы Очамчыра араион Отаԥ ақыҭаҿ иҟоуп, иаадыртит XIX ашәышықәсазы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 – Sputnik. 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 аахыс Отаԥ иҟоу Абраскьыл иҳаԥы иаҭааит 200-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аобиект аусзуҩ Елисо Ҳаџьымԥҳа.

Ҳаџьымԥҳа лажәақәа рыла, мышкы иалагӡаны 20-ҩык рҟынӡа аҭааҩцәа неиуан. Аҭааҩцәа еиҳагьы ирацәахар алшон, аха амшцәгьақәа раан аӡы ахьышьҭыҵуаз азы аҳаԥы аҭалара алшомызт лҳәеит лара.

Атуристцәа рхатә транспорт алоуп изланеиуаз, еиҿкааз аекскурсиақәа ыҟамызт лҳәеит Ҳаџьымԥҳа. Аиҳарак аҳаԥы аӡбахә асоциалтә ҳақәа рҿы изаҳаз ма здырцәа рҟынтәи изаҳаз роуп уахь инеиуаз.
Аҳаԥы макьаназ инагӡаны иҭҵаам, агалереиатә еибыҭашьа амоуп. Аҭуан аҿы ирацәоуп асталактитқәа, агалереиқәа рҿы – асталагмитқәеи асталагнатқәеи. Зегьы иреиҳау асталагмит 10 метрак иҟоуп. Иароуп ҳәоуп ишыршьо Абраскьыл дзыдҿаҳәалаз ашьаҟагьы. Аҳаԥы иҭысуеит аӡиас маҷ – Аҽҟьыҭызго.
Аҳаԥы аадыртит XIX ашәышықәсазы. Аспелеологцәа иҭырҵаахьоу ҩ-километраки бжаки роуп. Аекскурсиақәа 800 метра ирхысуам. Азал хадахь анеиразы аҭааҩцәа аҳаԥкылҵа ҭшәақәа ирыҵысроуп. Убри аан рымҩа аӡыршьҭралоуп ишцо. Аӡы ӡынгьы-ԥхынгьы +14˚С иҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0