Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ақьырсиан уахәамақәа рреставрациа азҵаара иалацәажәеит Аминистрцәа реилазаараҟны

© Foto / Агентство "Апсныпресс"Реставрацию христианских храмов обсудили в Кабмине
Реставрацию христианских храмов обсудили в Кабмине - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2024
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа реилазаараҟны имҩаԥысыз аиԥылара иалахәын аиереи Виссарион, аиереи Долмаҭ, аиеромонах Давид.
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаби Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама аусзуҩцәеи алацәажәеит Аԥсны ақьырсиан уахәамақәа рреставрациа азҵаара ҳәа аанацҳауеит амаҵзура "Аԥсныпресс".
Анқәаб иҳәеит ахыркәшарахь ишнеиуа Мықәтәи ауахәама ахыб аԥсахразы аусурақәа, ишаздырхио Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ааха ӷәӷәа зауз Бедиатәи ауахәама ахыб аԥсахра.
Аминистрцәа реилазаара ахада иҳәеит аҳәынҭқарра иалшо зегь шыҟанаҵало ажәлар рматериал-доуҳатә мал аиқәырхаразы, ишазыԥхьагәаҭо егьырҭ акульттә хыбрақәа рҿгьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара.
Ажәабжьқәа зегьы
0