Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Сабуа аҵарауаҩ-афольклорист Иуана Шамба изы: узықәгәыӷша уаҩын

Аԥсны еицырдыруа ахьӡқәа: Сабуа Иуана Шамба изкны
Анапаҵаҩра
Иахьа аҵарауаҩ-афольклорист Иуана Шамба 74 шықәса ихыҵуазаарын. Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ арадиоефир аҿы дигәалаиршәеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа. Актиор еиҭеиҳәеит урҭ еидызкылази, аԥсуа шәақәа рахь имаз азнеишьеи ртәы.
Иуана Шамба иҵара хыркәшаны Аҟәа данааи аԥсуа шәақәа рганахьала имаз игәҭакы анагӡаразы ауаа дрышьҭын, иӡбеит аԥсуа театр актиорцәа рыбзоурала уи алыршара, ҳәа еиҭеиҳәеит Сабуа урҭ реибадырра шыҟалаз атәы игәаларшәо.
"Аԥсуа жәлар рашәақәа ажәытә ишынарыгӡоз, ажәлар рыԥсабара, рҟазшьа, рдунеихәаԥшышьа аарԥшны, реиҭашьақәыргылара дашьҭан. Актиорцәа еидкыланы аусеицура ҳалагеит. Сыгәгьы иаанагоит уи иқәҿиеит ҳәа. Ансамбль "Уарада" еиҿкаахаз ажәлар акыр бзиа еицырбеит, аҳәаанырцәгьы ҳцақәеит, ҳахьнеилакгьы пату ақәҵаны ирыдыркылон", - иҳәеит Сабуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0