Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҵыԥх иаҿырԥшны сынтәа Аԥсны аԥсшьара зҭаху рхыԥхьаӡара хәынтә рыла еиҳахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКурортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.
Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2024
Анапаҵаҩра
Атуроператорцәа рдыррақәа рыла кавказтәи ареспублика 2024 шықәса аԥхынразы еиҳа иалыркаауа ахырхарҭақәа иреиуоуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Ииасыз ашықәс иаҿырԥшны сынтәа Аԥсны аԥсшьара зҭаху рхыԥхьаӡара хәынтә-фынтә рыла еиҳахеит ҳәа азгәанаҭоит Урыстәыла атуроператорцәа р-Ассоциациа (АТОР).
"2024 шықәса аԥхынразы уажәнатә Аԥснытәи аотельқәа рҿы аԥсшьаразы аҭыԥқәа 10% ааныркылахьеит", - ҳәа азгәарҭоит афирма "Интурист" ахаҭарнакцәа.
Аԥсны ашҟа иаарԥшу аинтерес ҵаҵӷәыс ирбоит ахәқәа рҭагылазаашьа, аотельқәа реиҭарҿыцра, аобиектқәа рхыԥхьаӡара аиҳахара, Шәача ацәыхарамзаара.
Иазгәаҭоуп Аԥсны маҷ-маҷ ашықәс зегьы аҩнуҵҟа аԥсшьара ахьалшо ҭыԥны аҟалара. Сынтәа ашықәс ҿыц азтәи аԥсшьараамҭақәа раан ареспублика иаҭааит хынтәны еиҳаны атуристцәа.
Атуроператорцәа рдыррақәа рыла, убри аан аотельқәа рҿы ахәԥсақәа 15-20% ишьҭыҵит. Аиҳарак ахәқәа шьҭырхит аӡҭарчқәа, СПА-центрқәа, ахатәы трансфер змоу аотельқәа.
Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2024
Аԥсны
Пицунда ажьырныҳәазы аԥсшьараз абиуџьеттә ҭыԥқәа иреиӷьу хԥа ирылашәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0