Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2023 шықәсазы 7000-ҩык Аԥсны атәылауаа Урыстәыла амедицинатә цхыраара рнаҭеит

© Foto / Минздрав АбхазииВзаимодействие министерств здравоохранения Абхазии и России обсудили главы ведомств Эдуард Бутба и Михаил Мурашко
Взаимодействие министерств здравоохранения Абхазии и России обсудили главы ведомств Эдуард Бутба и Михаил Мурашко - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр усутә ныҟәарыла Москва дыҟоуп. Иахьа иара диԥылеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко.
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 - Sputnik. 2023 шықәсазы иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа 7 410-ҩык Краснодартәи атәылаҿацәи уи агәыларатәи амедицинатә усбарҭақәеи ацхыраара рырҭеит ҳәа иҳәеит, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иԥылараан Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса Афедералтә фонд ахантәаҩы Илиа Баланин.
Ари иақәхарџьуп 80 млн мааҭ иҳәеит Баланин. Убри аан иара иажәақәа рыла иҷыдоу, атехнологиа ҳарак иаҵанакуа амедицинатә цхыраара рыҭоуп 104-ҩык.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рзы аԥгаԥса аиҿкаара аусхк аҟны аусеицураз аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2017 шықәсазы.
Едуард Быҭәбеи Михаил Мурашкои Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчаратә усбарҭақәа реинырра атәы иалацәажәеит ахәаша, ажьырныҳәа 19 рзы реиԥылараан.
Иара убасгьы, аиԥылараҟны ирылацәажәеит Краснодартәи атәылаҿацә амедицинатә усбарҭақәа рахь атуристцәеи Аԥсны атәылауаааи рнагареи, ВИЧ аҿагылараз ауснагӡатәқәа реицымҩаԥгара азҵаарақәагьы.
Взаимодействие министерств здравоохранения Абхазии и России обсудили главы ведомств Эдуард Бутба и Михаил Мурашко - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2024
Аԥсны
Быҭәбеи Мурашкои Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчаратә усбарҭақәа реинырра атәы иалацәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0