Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиа абылтәы азҵааразы аилатәара иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиа абылтәы азҵааразы аилатәара иазкны
Анапаҵаҩра
Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә еилакы аилатәара мҩаԥысит. Арадиоефир аҿы уи аихшьаалақәа ҟаиҵеит адепутат Бадрик Ԥлиа.
Аԥсны аиҳабыреи урыстәылатәи рколлегацәеи аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит аилахәыра "Роснефть" амацара Урыстәылантә Аԥсныҟа анефт аалыҵқәа рекспорт азин ҟазҵо ақәҵара аганахь ала.
Ԥхынҷкәын 21 аахыс аԥснытәи аилахәырақәа иаархәахьоу абылтәы аԥсуа-аурыс ҳәааҿы игылоуп.
Ԥлиа иажәақәа рыла абылтәы аганахьала ишьақәгылаз аҭагылазаашьа зегьы деилыркаан, уи алҵразы иҟоу амҩақәа зегьы ҭҵааны иааиуа аилатәараҿы иалацәажәахоит.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0