Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Кәарҷиа: Аԥсны алашара Урыстәылантәи иаиуеит асоциалтә проект ала

© Sputnik / Марианна Кубрава Уличные фонари
Уличные фонари  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2024
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аенергетика ахырхарҭаҿы ауадаҩрақәа ыҟоуп. Изакәанымкәан афымцалашара ахархәара рацәа ахьыҟоу, афымцацәаҳәақәа ахьажәыз, амчхара ахьмаҷхаз ирыхҟьоит иҟоу акризис.
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Аԥсны алашара Урыстәылантәи иаиуеит хәыда-ԥсада асоциалтә проект ала ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит атәыла ахада иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа.
Иара иажәақәа рыла, ари аӡбамҭа рыдкылан Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара акырӡа иахьылаҟәыз азы.
Кәарҷиа иҳәеит, иаарласны атәыла ахада Аслан Бжьаниеи аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанбеи усутә ныҟәарыла Урыстәылаҟа амҩа ишықәло, ҳтәылаҟны иааиԥмырҟьаӡакәан алашара аиура азҵаара аӡбараз.
Ажәабжьқәа зегьы
0