Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа араион ахадара ахыбра ҿыц ахь ииаргоит

© SputnikНовое здание администрации Гудаутского района
Новое здание администрации Гудаутского района - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2024
Анапаҵаҩра
Аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи 20 миллион мааҭ Гәдоуҭа араион ахадареи адепутатцәа Реизареи рхыбра аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирзоужьуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион ахадареи адепутатцәа Реизареи шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рышьҭахь ахыбра ҿыц ахь ииаргоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит амуниципалитет архитектор хада Адгәыр Ҭарба.
Афырхацәа рымҩаду аҿы ахыбра аиҭашьақәыргылара еиҭалагеит. Араион абиуџьет аҟынтәи аԥхьатәи аамҭазы уи иазоужьуп 20 миллион мааҭ.
"Иазгәаҭоуп аусурақәа рхыркәшара ашьҭахь араион ахадареи адепутатцәеи уахь риасра. Ақалақь ахадара уажәы изыҩноу ахыбрахь ииагахоит араионтә усӡбарҭа. Аусурақәа макьаназ 20 миллион мааҭ рзоужьуп, аха арҭ аԥарақәа урҭ рхыркәшара иазхаӡом. Ҳгәыӷуеит аҳәынҭқарра ацхыраара ҟанаҵап ҳәа", - иҳәеит иара.
Ҭарба иажәақәа рыла, арҭ 20 миллион мааҭ амцарцәаратә система, афымцацәаҳәақәа, асантехника раахәареи рықәыргылареи, ашәқәеи аԥенџьырқәеи рықәыргылареи, ахаҿра арԥшӡареи ирзырхахоит.
Араион архитектор хада иара убасгьы иҳәеит 1992-1993 шықәсазтәи аибашьра ашьҭахь ишыблыз, Сергеи Багаԥшь ихаан ахәҭак еиҭашьақәыргылан, аха ишхыркәшамыз.
Ажәабжьқәа зегьы
0