Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҭаркьылԥҳа згәабзиара ԥку ахәыҷқәа усурҭала реиқәыршәара иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҭаркьылԥҳа згәабзиара ԥку ахәыҷқәа усурҭала реиқәыршәара иазкны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ацхыраагӡатә школ аҿы имҩаԥысит зылшамҭақәа ԥку ахәыҷқәа ашколшьҭахь аусура раларгареи ауаажәларратә ԥсҭазаара ралархәреи разыҟаҵареи иазкыз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә семинар. Аҳҭнықалақь аҵараусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ари азҵааразы ҳтәылаҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу, зҵара хзыркәшо ахәыҷқәа иарбан лшарақәоу ироуа.
Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҭагылазаашьа даара ибзиоуп, иаҭаху зегьы рыла еиқәыршәоуп ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ҭаркьылԥҳа.
Иахьазы уаҟа аҵара рҵоит 149-ҩык ахәыҷқәа, урҭ рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа иацлоит, класск аҭыԥан ҩ-класск ааҳартит сынтәа, ҳәа лҳәеит лара. Ашкол аҿы аус руеит 30-ҩык инареиҳаны арҵаҩцәа. Ҭаркьылԥҳа еиҭалҳәеит ацхыраагӡатә школ аусзуҩцәа рԥышәа аизырҳаразы урыстәылатәи рколлегацәеи дареи ирыбжьоу аимадара атәы. Ус иазгәаҭан есышықәса анаука-практикатә семинарқәа реиҿкаара.
Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ иалгаз ахәыҷқәа усурҭала реиқәыршәара азҵааразы Ҭаркылԥҳа илҳәеит гәыԥҩык ашкол ахь аусуразы ишыхынҳәуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
"Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аушьҭымҭацәа иахьҳалшо ацхыраара раҳҭоит, усурала еиқәҳаршәоит. Аиҳарак изылшоны иҟоу ахәыҷқәа аџьаус, акрыфарҭақәа ирыдҳәалоуп. Знапы-зшьапы еибгам ахәыҷқәа ртәы ҳҳәозар урҭ ҳара ҳазрыцхрааӡом, ахылаԥшра рызҭо аҭаацәа роуп", - лҳәеит Аҳҭнықалақь аҵараусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.
Ажәабжьқәа зегьы
0