Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акәти акәтаӷьи: анасыԥдара аҽацәыхьчараз акәты ашьа акаҭәара

© Sputnik / Илона ХварцкияПриготовление первого сыра в селе Дурипш
Приготовление первого сыра в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҵасқәа рыҟны акәти акәтаӷьи хархәара ахьрымоу атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа лматериал аҟны.
"Акәты акәу, акәтаӷь акәу?" - ари азҵаара аартны иҟазаауеит еснагь. Адунеи зхылҵыз акәтаӷь ауп рҳәоит, мамзаргьы адгьыл акәтаӷь еиԥш икәымпылуп ҳәа. Акәты, аҟәарҭ акәзар, ахшара зааӡо ан илхаҿсахьаны ицәыргоуп ажәлар разхаҵарақәа рҿы. Иаҳҳәап, аҭаца аҩн ду даныҩнаргало ахәшҭаара аԥхьа акәтаӷь ыларкәымпылуа дырныҳәоит аҿиара, аизҳара лыдырбаларц азы. Ааԥынра раԥхьатәи аныҳәагьы аритуал ахәҭа акәтаӷь аҩныргәы акәыршара алоуп. Шамахамзар, акәти акәтаӷьи хархәара ахьрымоу аԥҳәыс илзынархоу ақьабзқәа рҟноуп. Убас ажәытәан аҭаца аӡахьы дганы "аӡы иҭоу" ҳәа данырныҳәозгьы акәтаӷь лхы иакәыхшаны аӡы иҭадыршәуан.
ашьха ӡиас - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2019
Аӡы амчра, мамзаргьы "Аӡы иҭоу" ҳәа аныҳәара шыҟарҵо
Акәти акәтаӷьи ҳбоит адгьылқәаарыхратә, аҭаацәара-бзазаратә ныҳәарақәа рҿы, иара убасгьы ачымазарақәа рыхгара иазку ақьабзқәа рҟны. Иаҳҳәап, агырӡныҳәа ҳәа ахыхь чымазара ауаҩы ихыргарц азы акәтарцына ихы иакәыхшан иоурыжьуан. Даҽа нҵамҭақәак ишаҳдырбо ала, Ажьырныҳәа иазку аныҳәараҿы ҭаацәарақәак рҟны аҷкәынцәа рыцԥхьаӡа рбаӷьла иныҳәоит, аӡӷабцәа рзы – акәты ашьоуп икарҭәо.
Иҟоуп азгәаҭара акәты амаха (амҵәыжәҩақәа) ахәыҷқәа ирҿарҵаӡом ҳәа, ахәыҷқәа ашәара рызнарҵысуеит, ианыцәоу ицәырҳалоит ҳәа. Григори Чурсин ианҵамҭақәа рҟны ишиҩуа ала: акәты рбаӷьҵас ҿнаҭуа иалагар, абзиара иазҳәам ҳәа, "абзиа аҳәарц азы" акәты ашьа карҭәоит, анасыԥдара аҟынтәи уахьчарц азы ҳәа. Иара убас ирҳәоит акәтқәа еилакаркаруа иалагар, аимак-аиҿак иазҳәоуп ҳәа.
Аԥсуаа ирымоуп акәти акәтаӷьи ирҿырԥшны ажәаԥҟақәа маҷымкәа:
акәты иалшо акәтаӷь ауп;
аҟәарҭ иагәыдуҵо алапҟьа акәҷышь иаахоит;
акәты ашьыга ашьапхыц иҵнахуеит уҳәа иреиуоу.
Петух ходит по огороду - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2022
Аԥсны
Арбаӷь абызшәеи уи асимволикатә ԥштәқәеи: аиқәаҵәа, ашкәакәа, аҟаԥшь
Ажәабжьқәа зегьы
0