Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2023 шықәсазы Очамчыра араион инагӡаз аусқәа ртәы дырзааҭгылеит Бигәаа

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииБигвава рассказал Бжания о деятельности администрации Очамчырского района в 2023 году
Бигвава рассказал Бжания о деятельности администрации Очамчырского района в 2023 году - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. 2023 шықәсазы Очамчыра араион инагӡаз аусқәа ртәы дырзааҭгылеит араион ахада Беслан Бигәаа, Атәыла ахада Аслан Бжьаниеи иареи реиԥылараан. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
2023 шықәсазы Очамчыра араион абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа 58,8% инацны инагӡоуп. Ауснагӡала ахашәалахәы ҳәа иарбан 186,9 миллион мааҭ, иалалеит — 109,9 миллион мааҭ.
Иара убас Бигәаа иазгәеиҭеит афершал- аԥҳәысеилыргаратә пунктқәа шыргылаз Очамчыра араион ақыҭақәа фба рҟны 2023 шықәсазы. Даҽа пунктқәак рҟны арҽеирақәа шьаҭанкыла имҩаԥган, абри атәы иҳәеит иара.
2020-2022 шықәсқәа рзы Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Очамчыра араион иазгәаҭан 7 проектк иҳәеит Бигәаа. Урҭ рххарџь — 328,8 миллион мааҭ.
Зынӡа инагӡан ф-проектк, урҭ ирықәхарџьын 275 миллион мааҭ: ақыҭақәа Тамшь, Мықә, Маркәыла амҩақәа ақаҭран рықәҵан— 80 млн; шьаҭанкыла иргылан аҳақәа реихшарҭа — 9,7 млн; АҲ "Ачгәара" аремонт азы амаҭәахәқәа раахәара — 108,1 млн; Аҟәа — Очамчыра амҩахада арлашара актәи ахәҭа — 76,9 млн.
Ажәабжьқәа зегьы
0