Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥсуа ҵарауаа раԥхьагылаҩ": Шоҭа Арсҭаа 95 шықәса ихыҵит

© SputnikЮбилей Академии наук Абхазии - 20 лет
Юбилей Академии наук Абхазии - 20 лет - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2024
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа аҵарауаҩ ду, абызшәаҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа иахьа 95 шықәса ихыҵит.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik
Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа диит Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан, 1929 шықәсазы, март 10 аҽны. Иҵарадырратә мҩа ахы акуеит Қарҭтәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны. 1955 шықәсазы Афилологиатә факультет кавказтәи абызшәақәа рыҟәша даналга ашьҭахь, иҵара иациҵоит Қырҭтәылатәи ССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуаз абызшәадырра Аинститут аспирантураҿы. Акандидаттә диссертациа ихьчеит 1961 шықәсазы. 1958 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа аус азиуеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт.
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа иҵаҩы Лили Ҳагԥҳа дахцәажәеит раԥхьаӡакәны лырҵаҩы данылбаз инаркны, анаҩс, аҵара далгаанӡагьы илзынижьыз агәаанагара.
"Сара 1969 шықәсазы Аҟәатәи апедагогикатә институт афилологиа аҟәша санҭалоз, Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа аԥышәаратә комиссиа хантәаҩра азиуан. Еилкаау усуп, иацы ашкол иалганы иахьа аҵарадырратә мҩаду ахь зшьаҿа еихызгоз аҿарацәа кыр ҳшьамхқәа ҵысуан, ҳхы ҳақәгәыӷыртә адыррақәа шҳамазгьы. Аха актәи аԥышәара инаркны Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа напхгара ззиуаз арҵаҩратә еилазаара даара иԥханы ҳрыдыркылт, уамак уадаҩра сымамкәагьы сԥышәарақәа ибзиаӡаны раҭара сылшеит. Алекциақәа раамҭа анаа ҳкурс зынӡагьы иахьмаҷмыз аҟнытә ҩ-гәыԥкны ҳаихыршеит. Усҟан, сара сызҵазкуаз апрактикатә гәыԥ насыԥла Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа инапхгараҿы инрыжьит", - лҳәеит лара.
Шоҭа Арсҭаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2019
Арадио
Шоҭа Арсҭаа: аԥсшәа аҿиара иаԥырхагоу аԥсуаа роуп
Иара убас еиҳа иалылкаауа Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа ирҵаҩратә ҟазшьақәа ртәы ҳәо, Лили Ҳагԥҳа иазгәалҭеит алекциақәа даараӡа ҭакԥхықәра дула дышрызнеиуа, астудентцәа рымч зегьы рҵара иазырклар шиҭаху, аха алекциа анҭыҵгьы астудент изнеишьа лассы ишизыԥшаауа, иахырҟьацәам алафгьы пату шизақәу.
"Аханатә, маҷк ҳишьцылаанӡа, ахаан илакҭа мыччаӡои, длахҿыхӡа дҟамлаӡои ҳәа еибаҳҳәо аҟынӡа иҟазшьа мыцхәгьы иџьбарашәа иаҳбеит. Ԥыҭрак ашьҭахь алекциа анҭыҵгьы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рахь ҳанеицныҟәа, еиҳа ҳанишьцыла – иаҳбарҭахеит Шоҭа Ҟасҭеи иԥа алафгьы шиҳәо, ихаҭагьы дышуаҩы лахҿыху. Уи зынӡагьы иџьашьатәӡам. Иӡбахә змаҳац уаҩы дыҟамзар ҟалап иара иаб, еицырдыруаз ажәабжьҳәаҩы, ԥсуаҵас адырра бзиа змаз Ҟасҭеи Арсҭаа. Еицырдыруа ҳҵарауаа аӡәырҩы иара иҿцәажәахьан, аԥсуаҭҵаараҿы имаҷым иара изку аматериалқәа. Убри аҟнытә аԥсуа ҵасла ихәыцуаз, абызшәа цқьа хны изҿаз аилазаараҿы изызҳаз Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа иҭҵаарадырратә ҩаӡара ҳаракы џьашьатәым" - иҟалҵеит алкаа Лили Риза-иԥҳа.
апрофессор Лили Ҳагԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.11.2018
Лили Ҳагԥҳа: абызшәа аԥсы ҭоуп – ахархәара анамоу, – мамзар иаангылоит
Уҿара иҭуго ауп уажәра иҭаугалогьы ҳәа баша ирымҳәозар ҟалап. Зхәыҷра шықәсқәа раангьы зхатәы бызшәа раԥхьаӡатәи аҭыԥ азынзыжьуаз, данҵарауаҩ духагьы идунеихәаԥшышьа имыԥсахит. Избан акәзар 61 шықәса иааиԥмырҟьаӡакәа аԥсуаҭҵаара иаҿу ауаҩы аҵарадырра мацара изымхар ҟалап. Ҳәарада, уи азы ихымԥадатәиуп аԥсадгьыл абзиабара, унапы злаку аус уазиашаны аанхара. Ари апринцип ақәныҟәара зылшаз дыруаӡәкуп Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаагьы.
Владислав Арӡынба инапынҵала 1997 шықәсазы иаԥҵаз Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа раԥхьатәи хадас иҟазгьы Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа иоуп. Иара ианашьоуп "Аџьа аветеран" ҳәа ахьӡ ҳаракы, иара убас Аԥснытәи ССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум "Аҳаҭыртә бӷьыц".
Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа ишәҟәы "Аԥсуа бызшәа аграмматика" азы, афилологиа ахырхарҭа ала ианашьоуп Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа. Арсҭаа икьыԥхьхьеит 40 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы амонографиақәагьы.
Иара убас дравторуп аԥсуа ҵараиурҭақәа рзы иҭыжьу аԥсуа бызшәа арҵага шәҟәқәеи ацхыраагӡақәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0