Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҳәатәи аҳәашьеи: Агрԥҳаи Лагәлааи ауаҩы дызлаҟам ала ихцәажәаразы ахьырхәра иазкны

Аҳәатәи аҳәашьеи: Агрԥҳаи Лагәлааи ауаҩы дызлаҟым ала ихцәажәаразы ахьархәра иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә закәанеидкылаҟны иарбоуп ауаҩы иҟам-ианым ихҳәаара иазырхоу ахәҭаҷ. Аԥсны Апрокуратура хада еиҭакрақәас уи иалагалатәуп ҳәа иаԥхьаӡо, ас еиԥш азҵаара зцәырҵыз уҳәа рзы арадио Sputnik аефир аҟны адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" аҿы ргәаанагара рҳәеит Апрокуратура хада аиҿкаара-хылаԥшратә ҟәша аиҳабы, аиустициа абжьгаҩ Есма Агрԥҳаи аблогер, Аԥсны ажурналистцәа реидгыла алахәыла Леуан Лагәлааи.
Апрокуратура ахаҭарнак иазгәалҭеит азакәан аԥсахрақәа ралагалара ахәҭаны изырԥхьаӡо, иҟам-ианым, аиакәым зҳәо аҭакԥхықәра рақәыршәара азакәан иахьатәи аредакциала ишыуадаҩу, 2007 шықәса инаркны ари азҵаарала ҩ-шьауӷатә ус мацарак шракәу ихацырку.
Леуан Лагәлаа игәаанагарала, иҟоу азакәан аԥсахрақәа ралагалара зҭаху аиҳабыраҿы, амчраҿы иҟоу, мамзар аиҳабыра ирызхәыцуа роуп.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0