Выборы президента России - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2024
Урыстәыла ахада иалхрақәа

Аԥсны имҩаԥысуаз Урыстәыла ахада иалхрақәа хыркәшоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента России в Абхазии
Выборы президента России в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны араионқәа зегьы рҟны ашьыжь асааҭ 08:00 инаркны 20:00 сааҭнӡа иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа 30.
АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны имҩаԥысуаз Урыстәыла ахада иалхрақәа хыркәшоуп.
Аԥсны араионқәа зегьы рҟны ашьыжь асааҭ 08:00 инаркны 20:00 сааҭнӡа иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа 30. Урыстәыла ахада далырхыр рылшоит урыстәылатәи атәылауаҩра змоу, абжьыҭара аҽны 18 шықәса зхыҵхьоу Аԥсны ауааԥсыра. Абжьыҭаразы ирымазароуп Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы, аҿҳәара цахьазаргьы.
Алхратә комиссиа алахәылацәа еилагарак ыҟан ҳәа азгәаҭам рҳәеит.
Алхрақәа актәи амш азы урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭаҿы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада иалхраз аҽҳәараанӡатәи абжьыҭара ихы алаирхәит.
Иара убас Урыстәыла ахада иалхрақәа рҿы аҿҳәараанӡатәи абжьыҭираан рыбжьқәа арҭеит ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, ахада Иусбарҭа ахантәаҩы Абессалом Кәарҷиа, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
Алхрақәа хымш имҩаԥысуан — хәажәкыра 15 инаркны 17 рҟынӡа. Урыстәыла ахада иалхрақәа ахылаԥшразы анаԥшцәа раҳасабала Москва иҟан Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәеи Алхратә комиссиа алахәылацәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0