Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Бжьаниаԥҳа ацәыргақәҵа "Анацизмҵәҟьа" иазкны: анацизм аҟазшьа бааԥсқәа аанарԥшуеит

Бжьаниаԥҳа ацәыргақәҵа "Анацизмҵәҟьа" иазкны: анацизм аҟазшьа бааԥсқәа аанарԥшуеит
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵа "Анацизмҵәҟьа" аатит Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьра Афырхаҵара амузеи аҿы. Уаҟа иаарԥшуп 2014 - 2023 шықәсқәа рзы украинатәи анационалистцәа рыцәгьоурақәа, Новороссиа ахы иақәиҭызтәуаз аурыс солдаҭцәа рфырхаҵара. Ас еиԥш аусмҩаԥгатә аиҿкаара шалыршахаз атәы арадио Sputnik иазеиҭеилҳәеит Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара Аԥсны иҟоу Ахаҭарнакра аиҳабы Милана Бжьаниаԥҳа.
"Анацизмҵәҟьа" захьӡу ацәаргақәҵа раԥхьаӡа акәны аартын 2022 шықәса рзы, иара иҷыдоу арратә аоперациа иазкуп. Урыстәыла ақалақьқәа рҿы иӡырган, иара убасгьы анҭыҵ ицахьеит.
"Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп анацизм иахәҭаку аҟазшьа бааԥсқәа, уи аҭоурых еиҭазҳәо акәны иҟоуп. Ҳара иаҳуалԥшьан ари ацәыргақәҵа аиҿкаара, избанзар аԥсуаа 2014 шықәса раахыс Донбасс анацизм иаҿагыланы еибашьуеит. Урыстәыла имҩаԥнаго аполитика адунеи аҿы ҳаргьы ҳарӷьажәҩаны ҳалагылоуп. Уи аҭоурых аҿы иаанхоит. Уи ӡыргалатәуп, иалацәажәалатәуп еснагь", - ҳәа азгәалҭеит Бжьаниаԥҳа.
Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара Аԥсны иҟоу Ахаҭарнакра аиҳабы еиҭалҳәеит афотоматериал шеизгаз, насгьы Аԥсныҟа аагара шалыршахаз атәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0