Урыстәыла

Приднестровие Интерпол ахь ашәҟәы нанашьҭыр ҟалоит архәҭаҿы аҭыԥ змаз атеракт аҭҵааразы

© screensho/Кадр записи камеры видеонаблюденияУдар беспилотника по вертолету в Приднестровье
Удар беспилотника по вертолету в Приднестровье - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2024
Анапаҵаҩра
Приднестрове, Тирасполь ақалақь аҿы архәҭа ахьгылаз атеракт мҩаԥган хәажәкыра 17 рзы.
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Приднестровиа Молдавиатәи ареспублика Интерпол ахь аҳәара ҟанаҵар ҟалоит Тирасполь игылоу архәҭаҿ авертолиот аԥжәара аҭҵаараҿы ацхыраара ҟанаҵарц. Абри атәы аанацҳауеит ПМР Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аминистрра.
"Приднестровие азы иҟоу ашәарҭарақәи иара убасгьы имҩаԥгаз атеррористтә акти азхьаԥшра рыҭо, приднестровиатәи аган иаԥхьаӡоит ашьауӷатә полициа жәларбжьаратәи аиҿкаара – Интерпол ахь ари ацәгьоура аҭҵаараҿы ацхыраараҟаҵаразы азыҳәа анашьҭра аҭахуп ҳәа. Ари аиҿкаара иазынашьҭхоит хәажәкыра 17 рзы иҟаз ахҭыс аганахь ала иамоу аршаҳаҭгақәа зегьы", - ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Хәажәкыра 17 рзы архәҭаҿы атҟәацра иахҟьаны амцакра ҟалеит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла иара мзызны иаиуит адрон-камикаӡе ажәылара. Иҭархан аверталиот Ми-8МТ. Ашьаус хацыркуп ахәҭаҷ "адиверсиа" ала.
Уаанӡа ашәарҭадара аминистрра адырра ҟанаҵахьан Молдавиа ишаздырхио Украина атәылауаа злахәу аибашьцәа ргәыԥқәа. Арҭ агәыԥқәа ПМР атерактқәеи адиверсиақәеи арратә ргыларақәа рҿы рымҩаԥгара рыгәҭакуп ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0