Урыстәыла

"Крокус сити холл" аҟны ахысра: иалкаау

© Sputnik / Сергей Бобылев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтрельба в "Крокус Сити Холле"
Стрельба в Крокус Сити Холле - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2024
Анапаҵаҩра
Москва "Крокус сити холл" идырым хҩык ауаа ахыбра иҩнахысит ахәаша хәажәкыра 22 рзы.
АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. "Крокус сити холл" аҟны ахысра иахҟьаны иԥсызи ахәра заузи ыҟоуп, абри атәы аҩуеит РИА Новости.
RT адыррақәа рыла, 20-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, шәҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит. Аофициалтә дыррақәа макьаназы иҟам. Апрокуратура хада ишаанацҳауа ала "Крокус сити холл" ауаа рыҩныгара иаҿуп.

Амцарцәаҩцәа шәҩык рҟынӡа ауаа "Крокус сити холл" идәылыргеит. Ахыбра аҟынтәи ауаа лыбааргоит.

Ацхыраара ласы амашьынақәа 70 инеиҳаны "Крокус сити холл" азааигәара аус руеит, аҳақьымцәа ахәра зауз зегьы ацхыраара рырҭоит, абри атәы иҳәеит Подмосковие агубернатор Воробиов. Аҭыԥаҟны амаҵзура ҷыдақәа аус руеит иҳәеит иара.

Москватәи аобласт аҟны иҟалаз атеракт иахҟьаны Урыстәылатәи аихамҩақәа адәыӷбақәеи, авокзалқәеи, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҟны ашәарҭадара арӷәӷәеит.
"Крокус сити холл" иҟалаз атеракт аҟны ахәра зауз ауаа амедусҳәарҭақәа рахь инагоуп. Урыстәыла Аиҳабыра ахантәаҩы Михаил Мурашко хылаԥшра аиҭоит иҳәеит ицхырааҩ.
Ажәабжьқәа зегьы
0