Урыстәыла

"Крокус" аҿы атеракт иалахәыз ҳәа иԥхьаӡо ԥшьҩык дырбаандаҩит

© Sputnik / Томас Тхайцук Судебный молоток
Судебный молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2024
Анапаҵаҩра
Подмосковиетәи Красногорск аҿы аконцерттә зал "Крокус Сити Холл" аҿы атеракт ҟалеит хәажәкыра 22 рзы ахәылбыҽха. Атеракт иахҟьаны 137-ҩык ҭахеит, ааха роуит 180-ҩык инреиҳаны.
АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Басмантәи аӡбарҭа аӡбрала "Крокус" аҿы атеракт иалахәын ҳәа иԥхьаӡо ԥшьҩык дырбаандаҩит лаҵара 22 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Иаанкылоу Мухаммадсобир Фаизов, Далерџьон Мирзоев, Саидакрам Рачабализод, Шамсидин Фаридун. Ҩыџьа Рачабализоди Мирзоеви рҿы рықәшаҳаҭхеит.
Рыԥшьҩык Таџьикисҭан иатәылауаап. Шамсидини Фаридуни заҵәык роуп аӡбарҭаҟны урысшәыла ицәажәоз.
Акции памяти жертв теракта в Крокус Сити Холле - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2024
Урыстәыла
"Крокус Сити Холл" аҿы иҭахаз рхыԥхьаӡара 137-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Далерџьон Мирзоев 32 шықәса ихыҵуеит, ԥшьҩык ахәыҷқәа драбуп. Иара аамҭала Новосибирск дҭаҩын, аха уи аҽҳәара нҵәахьан.
Фаизови Рачабализоди 20 шықәса рхыҵуеит. Физов аамҭала усурҭада дыҟан, уи аԥхьа Иваново ахцәыҟаҵарҭаҿы аус иуан, иара уа ашәҟәы дҭагалан. Саидакрам Рачабализод- ԥшьҩык ахшаара имоуп.
шамсадин Фаридун 26 шықәса ихыҵуеит, аамз зхыҵуа ахәыҷы димоуп. Иара аус иуан Подольск, ашәҟәы дҭаҩын Красногорск.
Пожарные в Крокус Сити холле - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2024
Урыстәыла
Москватәи аобласт агубернатор: "Крокус" амца аиҳарак ырцәоуп, аха џьара-џьара ихәыҵҟьоит
Ажәабжьқәа зегьы
0