Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Занҭариа Асовет Еидгыла Жәлар рдепутатцәа ралхра Аԥсны азы аҵакы атәы

Хра злоу ахҭысқәа: Занҭариа Асовет Еидгыла Жәлар рдепутатцәа ралхра Аԥсны азы аҵакы атәы
Анапаҵаҩра
35 шықәса раԥхьа хәажәкыра 26 1989 шықәсазы Асовет Еидгыла аҭоурых аҟны альтернатива ашьаҭала имҩаԥган Жәлар рдепутатцәа ралхрақәа. Шықәсык уи аԥхьа ирыдыркылаз алхратә закәан ҿыц инақәыршәаны аҳәынҭқарратә мчра иреиҳаӡоу аорган ҳәа иԥхьаӡан Жәлар рдепутатцәа реизара ду. 2 250 ҩык адепутатцәа рҟынтәи 750 –ҩык атерриториалтә ҳәааҭақәа рҟынтәи иалырхуан, даҽа убасҟак амилаҭтә дгьылҵакырақәа рҟынтәи, даҽа 750-ҩык ауаажәларратә еиҿкаарақәа рҟынтә. Усҟан Аԥснынтә депутатцәас иалхын 8- ҩык. Урҭ рыбжьара дыҟан Аԥсуаҭҵааратә институт напхгара азҭоз Владислав Арӡынба. Иара СССР Иреиҳаӡоу аилак Амилаҭқәа рхеилак алахәылас дҟалеит. Жәлар рдепутатцәа аԥхьатәи реизара аҟны Арӡынба ишьҭихит СССР ажәлар маҷқәа рҭагылазаашьа азҵаара, иаартны иҳәеит икыдцаланы ишрымоу.
Аԥсны ԥхьаҟатәи алыхьынҵазы, аҿахәы аҳәаразы иабанӡахадаратәыз адепутат имандат, насгьы ҳажәлар зҭагылаз ауадаҩрақәа жәлар рдепутатцәа рҟынӡа анагаразы арҭ алхрақәа рҵакы, ари азҵаараҟны Владислав Арӡынба илиршаз атәы, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи русзуҩ Владимир Занҭариа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0