Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Џьансыхә Нанба аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара иахьаҿу Бабышьра ақыҭа ауааԥсыра дырԥылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский аэропорт
Сухумский аэропорт - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik. Аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара иахьаҿу Бабышьра ақыҭа ауааԥсыра дырԥылеит, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Иара еизаз ирзеиҭеиҳәеит аусурақәа рҭагылазаашьа, аҳаирбаӷәаза арҿиаразы апланқәа, абаӷәаза аҵакыра аладатәи ахәҭа арҭбаара ртәы.
Аиԥылараҟны еиқәшаҳаҭхеит ақыҭанхацәа хәҩык-фҩык ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба хадара зиҭо акоординациатә штаб аусура иалахәхоит ҳәа.
Нанба иҳәеит аԥсуа-аурыс ганқәа аҳаирбаӷәаза арҭбаара ргәы ишҭоу.
"Уи зыдҳәалоу акомплекс ахәҭак Аԥсны атәылахьчара аминистрра иахьатәу ауп. Жәларбжьаратәи анормақәа ирықәшәо аҳаирбаӷәаза аргыларазы иҟоу аҵакыра азхаӡом. Убри инадҳәаланы ԥхьаҟа арҭбаара аплан иалацәажәатәуп. Иӡбан азҵаара ақыҭа ауааԥсыра адҳаԥхьаларц", — иҳәеит аминистр.
Нанба иажәақәа рыла, аҳаирбаӷәаза аҵакыраҿы апартаментқәа ргылахоит, ааигәа-сигәа инхо ауааԥсыра рынхарҭақәа ықәгахоит ҳәа ицәырҵыз аинформациа ҵаҵӷәыдоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0