Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагԥҳа Шоҭа Арсҭаа изы: ҿыц еиҵагылоз аҵарауаа ҳхы агәра ҳиргон

Ҳагԥҳа Шьоҭа Арсҭаа изы: ҿыц еиҵагылоз аҵарауаа ҳхы агәра ҳиргон
Анапаҵаҩра
Аҵарауаҩ ду, абызшәаҭҵааҩы, академик, апрофессор, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Шоҭа Арсҭаа иԥсҭазаара далҵит. Иҵаҩы, иҩыза, академик, апрофессор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Лили Ҳагԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы илгәалалыршәеит дара реибадырра шыҟалаз атәы, рҵаҩык иаҳасабала Шоҭа Арсҭаа дзеиԥшраз, насгьы иара еснагь гәыҵхас имаз атәы.
Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа ишәҟәы "Аԥсуа бызшәа аграмматика" азы ианашьоуп Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа. Аҵарауаҩ икьыԥхьхьеит 40 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы амонографиақәагьы. Дравторуп аԥсуа ҵараиурҭақәа рзы иҭыжьу аԥсуа бызшәа арҵага шәҟәқәеи ацхыраагӡақәеи.
Аҭаацәараҿы алԥсаа дызмоу реиԥш схы збоит, убриаҟара ҳаизааигәан ҳәа азгәалҭеит арадиоефир аҿы Ҳагԥҳа. Лара еиҭалҳәеит ашкол далганы аҵара данҭалоз аамҭазы адкыларатә ԥышәарақәа шымҩаԥысуаз, Шоҭа Арсҭааи, иара егьырҭ аҵарауаа дуқәеи дышрыдыркылоз, анаҩс лыԥсҭазаара зегьы еснагь лааигәа дшыҟаз.
Лили Ҳагԥҳа иазгәалҭеит Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа хьаас ишимаз, уи ахырхарҭала иџьабаақәа шырацәаз. Урҭ русеицура атәы, насгьы реизыҟазаашьақәа ртәы шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0