Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гәбаз Аботаникатә баҳчаҟны ҿыцрас иҟоу иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гәбаз Аботаникатә баҳчаҟны ҿыцрас иҟоу иазкны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәбаз арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҭааҩцәа рыдкыларазы аԥхын аамҭа рышҽазыҟарҵо, ҿыц еиҭаҳахо аҵиаақәа, махәҿала абаҳчаҟны аус зуа ауаа рыла иахьынӡеиқәшәоу, урҭ руалафахәы азҵаара шыӡбоу.
Сынтәа аӡын аамҭа даараӡа иманшәаланы имҩасит Аботаникатә баҳчазы, иахьазы ҩ-напыкала аусурақәа цоит атуристцәа аԥхын рыдкылара аҽазыҟаҵаразы хәа иҳәеит Гәбаз.
"Сынтәа аусуцәагьы гәахәарыла рус ҟарҵоит, ироуаз аҟәрышь даара имаҷын, аха сынтәа аҳәынҭқарра акыр ирзацнаҵеит. Ҳаргьы иаҳхашәало ала ацхыраара раҳҭоит аусуцәа. Асасцәа рԥылараз ҩнапык рыла аҽазыҟаҵара иаҿуп", - иҳәеит Гәбаз.
Иара иажәақәа рыла, уи аԥхьа аҳәынҭқарра аҟынтәи аусуцәа ироуоз ауалафахәы 2 нызқь мааҭ ыҟазҭгьы, шьҭа 10 нызқь мааҭ рҟынӡа ыҟоуп, иара убас Аботаникатә баҳча ахашәала аҟынтәи ироуа ацҵатәқәа 20-30 нызқь мааҭ рҟынӡа рнапаҿы ироуеит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0