Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа иҟалаз амцакраҿы ԥшь-ҩык аахақәа роуит

© Foto / МЧС АбхазииЧетыре человека пострадали в пожаре в Сухуме
Четыре человека пострадали в пожаре в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2024
Анапаҵаҩра
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, амцакра ахҟьеит афымцацәаҳәақәа реидыслара.
АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik. Аҟәа иҟалаз амцакраҿы ԥшь-ҩык аахақәа роуит, ҩыџьа хәыҷқәоуп ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА аҟны.
Амашәыр иақәшәаз 29, 30 шықәса рхыҵуеит, ахәыҷқәа — хышықәсеи ҩышықәсеи. Уажәы дара ахәшәтәырҭаҿ иҟоуп.
Аҟәа, Арӡынба имҩаду 173-тәи аҩны аҟны амцакра шыҟалаз азы АҶА ашҟа адырра ҟаҵан асааҭ 19:24 рзы ҳәа иҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, амцакра ахҟьеит афымцацәаҳәақәа реидыслара. Амцакра иахҟьаны иблит аҩбатәи аихагылаҿ ҩ-уадаки ахыби. Уажәтәи аамҭазы амца дырцәеит.
Абылраан ааха зоуз ахәыҷқәа Урыстәылаҟа иргоит ҳәа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра Sputnik иазеиҭарҳәеит. Уажәы дара Ареспубликатә ахәыҷтәы хәшәтәырҭаҿы иҟоуп, ргәабзиара хьанҭоуп ҳәа иршьоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0