Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагратәи апрокуратура иҭахаз аԥсшьаҩы лганахь ала аусҭҵаараԥхьатә еилкаарақәа мҩаԥнагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМилиция
Милиция  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2024
Анапаҵаҩра
Гагра, Мамзышьха ашьха аԥшырҭатә ҭыԥ аҟынтәи даҿҟьаны дҭахеит иаҿҟьаз урыстәылатәи аԥсшьаҩы амҽыша, мшаԥы 7 рзы.
АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik. Апрокуратура Урыстәыла атәылауаҩ лҭахара аганахь ала аусҭҵаараԥхьатә еилкаарақәа мҩаԥнагоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра араион апрокурор Беслан Ԥкьын.
"Амашәыр аныҟала ашьҭахьҵәҟьа апрокуратура аусзуҩцәа аҭыԥ ахь инеит, ашаҳаҭцәа рҿахәы рҿыхны, аекспертиза мҩаԥгазарц анапынҵа ҟарҵеит. Асеиԥш иҟоу арыцҳарақәа ԥхьаҟагьы аҭыԥ рмоурц азы ахәшьара ҟаҵаны аӡбра адкылатәуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Ԥкьын иажәақәа рыла ахҭыс ҟалеит Гагра уахьалало иҟоу анаԥшааԥшырҭатә ҭыԥ аҟны. Атуристцәа ргәыԥ ареспублика иаҭааит рхатәы машьынала. Ари аҭыԥ аҿы иаангылеит рфотосахьақәа ҭырхырц.
Заанаҵтәи агәаанагарала иҭахаз аԥҳәыс ллахаҵ гьежьын аԥшырҭатә ҭыԥ аҟынтәи даҿҟьаны дкаҳаит. Илоуз ааха иахҟьаны аҭыԥаҟны лыԥсҭазаара далҵит.
Аԥсны азакәанԥҵара инамаданы апрокуратура имҩаԥнаго агәаҭарақәа хыркәшахароуп мызкы иалагӡаны.
40-шықәса зхыҵуаз Инесса Поленко 50-метра аҳаракыраҟынтә дкаҳаит Гагра, Аубыхқәа рымҩаду аҿы мшаԥы 7 рзы. Араионтә хәшәтәырҭа ареанимациахь дышнаргазгьы леиқәырхара залымшеит.
Машина МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2024
Аԥсны
Гагра, Мамзышьха ашьха аԥшырҭатә ҭыԥ иаҿҟьаз урыстәылауаҩԥҳәыс дҭахеит
Ажәабжьқәа зегьы
0