Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахыц ала ахысразы аицлабра мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукТурнир по стрельбе среди студентов АГУ
Турнир по стрельбе среди студентов АГУ - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2024
Анапаҵаҩра
Ахыц ала ахысразы аицлабра мҩаԥысит ААУ аҟны.
АҞӘА, мшаԥымза 12 – Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет афакультетқәа рыбжьара ахыц ала ахысразы аицлабра мҩаԥысит Аҟәа.
Аицлабрақәа ирылахәын аҵараиурҭа астудентцәа реиԥш арҵаҩцәагьы. Команда цыԥхьаӡа ԥшьҩык-ԥшьҩык рыла ишьақәгылан. Алахәылацәа еиуеиԥшым ахарала ацәҟьара иақәдыршәар акәын.
Аицлабраҟны аиааира ргеит еиҳаны азеиԥшкомандатә зшьараҿы акәаталақәа зауз афилологиатә факультет. Аҩбатәи аҭыԥ иаԥсахеит агронџьныртә факультет, ахԥатәи — аҟазаратә факультет.
Хаҭалатәи азшьаҿы аҭыԥҳацәа рыбжьара иреиӷьхаз дреиуоуп афилолгиатә факультет астудентка Асмаҭ Какачиаԥҳа, аҩбатәи – Есма Хьибԥҳа, арҵаҩратә факультет, ахԥатәи –Лана Кәакәасқьырԥҳа, аекономикатә факультет.
Аҟазаратә факультет астудент Данил Ҭаниа арԥарацәа ирԥигеит, аҩбатәии ахԥатәии аҭыԥқәа ныркылеит агронџьныртәии афилолгиатәии афакультетқәа рыстудентцәа Леон Лакашьиеи Алан Ҳаџьымбеи.
Арҵаҩцәа рыбжьара атурнир аихшьаалақәа рыла актәи аҭыԥ никылеит Адгәыр Какоба, аҩбатәи – Алиса Гәынԥҳа, ахԥатәи ланашьахеит Ада Адлеиаԥҳа.
Атурнир ахықәкы – атрадициатә спорттә еицлабрақәа рахь аинтерес аԥшьгара, аспорттә ԥсҭазаара аҽалархәра.
Аицлабрақәа еиҿыркааит ахыц ала ахысразы Аԥснытәи Афедерациеи ААУ аспорттә клуби.
Ажәабжьқәа зегьы
0