Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ԥачалиаԥҳа Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра арыцқьаразы: традициахеит, уи ада ԥсыхәа ыҟам

Ԥачалиаԥҳа Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра арыцқьаразы: традициахеит, уи ада ԥсыхәа ыҟам
Анапаҵаҩра
Ҩымш рыла 60 ааҵәа агәамсам еидыркылеит Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҟны арыцқьарақәа раан. Ари ауснагӡатә иалахәыз, ҳаԥхьаҟа гәҭакқәас ирымоу, аҳәырԥсарраҟны ацқьара аганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу уҳәа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҳәырԥсарра аҭҵаарадырратә усзуҩы Диана Ԥачалиаԥҳа.
Аҳәырԥсарраҟны арыцқьаратә усурақәа рымҩаԥгара шьҭа итрадициахеит Пицунда, уи адагьы ԥсыхәа ыҟам ҳәа азгәалҭеит Ԥачалиаԥҳа лцәажәараҟны.
"Ҳарзыԥшын амш бзиақәа, ари амзазы арыцқьарақәа ҳрылагеит. Иҳаҩсыз асабшазгьы имҩаԥаагеит. Ауаа рацәамызт, аха иҟаз даара аус бзиа ҟаҳҵеит", - ҳәа лҳәеит Ԥачалиаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0