Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ажьиԥҳа Сариа Амҷԥҳа лзы: аԥсҭазаараҿы лҭыԥ ԥшааны дыҟан

Ажьиԥҳа Сариа Амҷба лзы: аԥсҭазаараҿы лҭыԥ ԥшааны дыҟан
Анапаҵаҩра
Лыԥсҭазаара далҵит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, еицырдыруа аԥсуа бызшәаҭҵааҩы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет адоцент Сариа Амҷԥҳа. Сариа Алеқсандр-иԥҳа - 145 инареиҳаны аҭҵааратә усумҭақәа авторс дрыман, урҭ рызкын алингвокультурологиеи алингвофольклористикеи, иара убас аԥсуа бызшәеи абаза бызшәеи рыҭҵаарақәа. Аԥышәа дуӡӡа змаз аҵарауаҩ арадио Sputnik аефир аҿы длыхцәажәеит ААУ аԥсуа бызшәа акафедра №2 аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Альдона Ажьиԥҳа.
Ҳара рҵаҩыс дҳаман, даара пату лықәаҳҵон, арҵаҩра аҭҵаара аганахьала дҟазан ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ажьиаԥҳа.
"Лыԥсҭазаара зегьы аҭҵаарадырреи аҿар рааӡареи ирызкын, даҽа ԥсҭазаарак лымаӡамызт. Аҿар рыгәҭа аусура лара лзы ныҳәак иаҩызан. Лара уи аганахьала лусура хацлыркит Аҟәатәи апедагогикатә институт аҿы, анаҩс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы. Аибашьра ашьҭахь Ҭырқәтәылантәи ҳдиаспора абрахь иааганы, аҵара дырҵаны, абра инхо рышьаҭа ркырцаз илылшоз зегьы ҟалҵон. Дцаны 60-ҩык иреиӷьаз аҿар лыманы дааит. Даара аџьабаа лбахьан аԥсуа бызшәа аполитикаҿы, аԥсуа бызшәа аҵакы ибзиаӡаны еилылкаауан", – ҳәа азгәалҭеит Ажьиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0