Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Пиотр Петров 75 шықәса ихыҵра иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Бадрак АвидзбаЮбилейный вечер к 75-летию Заслуженного артиста Абхазии Петра Петрова прошел в Сухуме
Юбилейный вечер к 75-летию Заслуженного артиста Абхазии Петра Петрова прошел в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2024
Анапаҵаҩра
Пиотр Петров — асоветтәии аԥснытәи акомпозитор, амузыкатә рҵаҩы, амузыкаҭҵааҩы, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист, раԥхьаӡатәи аԥсуа смфониа "Аԥсны" автор.
АҞӘА, мшаԥы 18 – Sputnik. Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Пиотр Петров 75 шықәса ихыҵра иазкыз аиубилеитә хәылԥазы мҩаԥысит Аҟәа, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны.
Аконцерт рҽаладырхәит еицырдыруа амузыкантцәа: Артак Агаджаниан, Нана Черкезиа, Анастасиа Курочкина, Вера Ҳагба.
Акомпозитор 75 шықәса ихыҵра идылныҳәалеит Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо Динара Смырԥҳа.
"Шәара шәравторуп ихатәроу акыр асимфониатә ԥҵамҭақәеи егьырҭ аклассикатә жанртә аԥҵамҭақәеи. Урҭ рахьынтә ирацәоуп ҳаамҭазтәи аԥсуа ҭоурых зныԥшуа. Асимфония №1 "Аԥсны", асимфониатә поема аоркестор азы "Владимир Ҳаразиа", "Аԥсуа кәашара", Кәымф Ломиа иажәеинраалақәа ирылху аа-романск, убас егьырҭ уҳәа реиԥш иҟақәоу", - ҳәа лҳәеит лара.
Аиубилеитә хәылԥазы мҩаԥысит Аҳәынҭқарратә акамертә аоркестр ақәгыларала. Инарыгӡеит еицырдыруа аԥҵамҭақәа.
Пиотр Петров — асоветтәии аԥснытәи акомпозитор, амузыкатә рҵаҩы, амузыкаҭҵааҩы, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист, раԥхьаӡатәи аԥсуа смфониа "Аԥсны" автор.
Ажәабжьқәа зегьы
0