Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Бзанеи" "Афони" рыхәмарраан еиҭахеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Футбол
Футбол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ашьапылампыл азы Иреиҳаӡоу алига афбатәи атур ахәмарраан кәтолтәи "Бзанеи" "Афони" 3:3 ҳәа еиҭахеит.
Ахәмарра аԥшьбатәи аминуҭ азы аӡбаҩ "Афон" ахәмарҩы Дамир Аргәын далицеит.
Афонаа хыԥхьаӡарала ишеиҵахазгьы 26-тәи аминуҭ азы ампыл амба иҭадыршәит. Соузар Жьиба 1:0 ҳәа икоманда аԥыжәара аиҭеит. 38-тәи аминуҭ азы Маканда Нджее ампыл амба иҭаиршәит. Ахәмарра 2:0 ҳәа имҩаԥысуан.
"Бзана" ари ашьҭахь еиҳа ажәыларақәа рымҩаԥгара иалагеит. Уи иалҵшәахеит Диамид Хынҭәба импыл – 2:1.
Аҩбатәи ахәҭаан Диамид Хынҭәба акәаталақәа еиҟареитәит – 2:2. Аамҭақәак рышьҭахь "Бзана" ахәмарҩы Баҭал Чегиа аҽа мпылкгьы ҭаршәны 3:2 ҳәа икоманда ԥхьаҟа игеит.
Ахәмарра анҵәамҭазы "Бзана" амбахьчаҩ Тагир Гәниа ахәмаррадәы дықәган. Убри ала, ахәмарра аҵыхәтәантәи аминутқәа рзы акомандақәа рыҩбагьы хыԥхьаӡарала еиҟарахеит.
Иацҵаз аамҭазы "Афон" ахԥатәи ампыл ҭанаршәит - 3:3. Иреиӷьу ахәмарҩы ҳәа ихьӡ ҳәоуп "Бзана" ашьапылампыласҩы Диамид Хынҭәба.
Футбол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2024
Аԥсны
Аҟәатәи "Динамо" Аԥсны ачемпионат ахәбатәи атур аҟны "Риҵа" иаиааит
Ажәабжьқәа зегьы
0