Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны афымцалашара аиуразы иалагалаз аԥкрақәа аԥыхуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Лампочки
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Афымцалашара аиуразы Аԥсны иалагалоу аԥкрақәа аԥыххоит мшаԥымза 20 асааҭ 00:00 инаркны, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭеи Аҟәеи аамҭа-аамҭала алашара арцәара иалагеит ажьырныҳәамза 26 инаркны.
Аԥкрақәа Урыстәыла аладатәи арегионқәа рҿы афымцамч ахархәара иахьазҳаз иахҟьеит, иара убас Ростовтәи АЕС аԥшьбатәи аблок планла иазгәаҭаз аремонт ахьымҩаԥгатәуи, Новочеркассктәи ГРЕСи Донбасстәи афымцамчсистемеи рҿы афымцамчаԥҵаратә маругақәа рҿы авариатә ремонтқәа ахьымҩаԥгатәуи ауп.
Ажәабжьқәа зегьы
0