Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

600 инареиҳаны аҩнатә ԥстәқәа хәыдаԥсада ирраҟәеит Гагра

© Sputnik / Дмитрий МакеевЖивотные на улице Геническа
Животные на улице Геническа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2024
Анапаҵаҩра
Бриџьит Бардо л-Фонди Аԥстәқәа рыхьчаразы анемец ассоциациеи рыцхыраарала алақәа хәыдаԥсада рраҟәараз акциа мҩаԥысуан мшаԥы 10-13 рзы Цандрыԥшь, мшаԥы 14-20 рзы Гагра.
АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik. Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны 600 инареиҳаны аҩнатә ԥстәқәа хәыдаԥсада ирраҟәеит Гагра ҳәа лҳәеит аԥстәқәа рыцхрааразы афонд "Багиреи" алақәа аамҭалатәи рбарҭа "Топеи" рнапхгаҩы Саида Оҭырԥҳа.
"Аԥстәқәа 602 рҟынтәи 338 лақәан, 264 цгәын. Убри аҟнытә ҳара ҳнапы ианыз наҳагӡеит. Ари аус иазнеит аволонтиорцәеи аԥстәқәа рыԥшәмацәеи", - ҳәа лҳәеит Оҭырԥҳа.
Галынтәи Гаграҟа иааргеит 17 ла, Аҟәантәи - 60 рҟынӡа, Гәдоуҭантәи 40 леи цгәи, Афонынтәи - 36 ла. Егьырҭ зегьы Цандрыԥшь, Гагра, Пицунда рҟынтәи иааргеит. Арҭ рыбжьара иҟан аԥшәымада игәароу аԥстәқәагьы.
Саида Оҭырԥҳа илҳәеит ари апроект алҵшәа шаиуз, аха ишыуадаҩыз. Агәыӷрагь аалырԥшит Аԥсны иҵегь ишымҩаԥырго азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0