Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Гындиаԥҳа Аҳәынҭстандарт Риҵа имҩаԥнагаз агәаҭарақәа ирызкны

Мадина Гиндия
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭстандарт атехникатәи аенергетикатәи хылаԥшразы аусбарҭа афатә аалыҵ ахаҭабзиара инаркны еиуеиԥшым анхамҩатә бзазаратә хырхарҭақәа зегьы аҳәынҭқарратә шәагазагақәа иахьынӡарықәшәо гәанаҭоит.
Аалыҵ ахаҭабзиареи, аԥсҭазааратә аобиектқәеи ршәарҭадара аилкааразы Аҳәынҭстандарт аусура шышьақәгылоу, шаҟа лассы агәаҭаракәа рзымҩаԥго, иаҳа русутә анырацәоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥсны Аҳәынҭстандартқәеи ахархәареи атехникатә хылаԥшреи реилак аспециалист хада Мадина Гындиа.
"Зиплаин" ҳәа изышьҭоу аихатә шахақәа рыла арлахҿыхратә лбаашьҭыгақәа Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарраҟны ргәаҭараан аилагарақәа аарԥшын. Урҭ рыԥшәмацәа аилагарақәа рырҽеиразы аҽҳәара рыҭан, лҳәеит Аҳәынҭстандарт ахаҭарнак лцәажәараан.
"Еиуеиԥшым аилагарақәа аҭыԥ шрымаз шьақәыргылан. Зегь раасҭа ихадоу, ауаажәлар рзы ашәарҭара аазырԥшуа, иарбан аобиектзаалак аусуразы иамазароуп азин. Ус еиԥш азин рымамызт ф-зиплаинк. Ихымԥадатәиу аԥҟарақәа еилаганы аус руан… Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәа урҭ русура аамҭала иааныркылеит. Мызкала аилагарақәа дыриашароуп. Идмыриашакәа иҟалар, аус рзуӡом", - лҳәеит Гындиаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0