Урыстәыла

Украина арранаԥхьара иаҵанакуа рзы аконсултә маҵзурақәа ааныркыларц рыгәҭакуп

© AFP 2023 / VASILY MAXIMOVУлица Крещатик в Киеве.
Улица Крещатик в Киеве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik. Украина адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаанырцә иҟоу украинатәи адипломатиатә усҳәарҭақәа рхадацәа рахь арранаԥхьара иаҵанакуа Украина атәылауаа рганахь ала аконсултә маҵзурақәа рымҩаԥгара ааныркыларц адҵа ҟазҵо адокументқәа нарышьҭит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Акызаҵәык ззин ҟаҵоу Украинаҟа ахынҳәразы ауаҩы ихаҭара шьақәзырӷәӷәо адокумент аиҿкаара ауп ҳәа аҩуеит украинатәи аҭыжьымҭа "Зеркало недели".

"Украина адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаанырцә иҟоу украинатәи адипломатиатә усҳәарҭақәа рхадацәа рахь арранаԥхьара иаҵанакуа Украина атәылауаа рганахьала аконсултә маҵзурақәа рымҩаԥгара ааныркыларц адҵа ҟазҵо адокументқәа нарышьҭит. Ари адҵаҟаҵара амчра амоуп амобилизациа арӷәӷәаразы азакәан аԥҟарақәа реилкаарақәа ҟаҵахаанӡа", - ҳәа азгәаҭоуп "Зеркало недели" асаит аҿы.

Аҭыжьымҭа иакьыԥхьуеит Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Сибига инапы зҵаҩны аҳәаанырцә иҟоу украинатәи адипломатиатә усҳәарҭақәа рхадацәа рахь инаишьҭыз ашәҟәы атекст.
"Украина атәылауаа арратә ҭаҩра рҽацәхьакра алмыршара хықәкыс иҟаҵаны ари азҵаара аҭышәныртәалара аҵакыратә центрқәеи асоциалтә дгыларатә центрқәеи имҩаԥыргаанӡеи арра-ҭаҩратә документқәа еиҿыркаанӡеи аамҭала, мшаԥы 23 инаркны анапынҵа ҟасҵоит 18-60 шықәса ирҭоу, Украина иатәылауаҩу ахацәа рырзаҳалқәа рганахь ала аконсултә маҵзурақәа аанкылазарц", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.
Военные Украины  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2024
Урыстәыла
Киев амобилизациа арӷәӷәаразы аԥкрақәа арбџьароит
Адокумент инақәыршәаны ззин ҟаҵо Украинаҟа ахынҳәразы ауаҩы ихаҭара шьақәзырӷәӷәо адокумент аиҿкаара ауп.
Владимир Зеленски мшаԥы 16 рзы Украина амобилизациа амҩаԥгара арӷәӷәаразы азакәан инапы аҵеиҩит. Иара амчра аиуеит лаҵара 18 инаркны. Адокумент хықәкыс иамоуп амобилизациа амҩаԥгара арӷәӷәара, иара убасгьы арра ацара мап ацәызкуа еиҳа имҽыӷны рахьырхәра. Апроект ҿыц аррамаҵзура ахысра зыхәҭоу украинаа 60 мшы рыҩнуҵҟа арратә комиссариатқәа рҟны ашәҟәы рыҽҭаргаларц рыднаҵоит. Уи адагьы 18-60 шықәса ирҭоу атәылауаа арра-ҭаҩратә документқәа еснагь ирыцзароуп, иахәҭаны ианыршьо амчра амаҵзуҩцәа иддырбаларц азы. Анаԥхьара анашьҭра ҟалоит арра иргараны ишьоу ауаҩы иелектронтә кабинет ахархәарала. Убри аан иара иоуит ҳәа ирыԥхьаӡоит адокумент анапаҿы аркра шалымшаз азы аштамп анықәыргылаз арыцхә.
Азакәан аҿы иарбоуп аррамаҵзура иаҵанакуа арратә билеҭ еснагь иныҟәигаларц, арартә комиссариат ма аполициа русзуҩцәа рыдҵала идирбаларц. Уи мап ацәызкәуа амашьынарныҟәцара азингьы имырхыр алшоит. Адокумент аҿы иарбам амобилизациа аҿҳәара. Ари анорма азакәан иахьалырхыз депутатцәақәак агәынамӡара азаадырԥшит.
Частичная мобилизация в России - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2024
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Амобилизациаз азакәан украинаа рзинқәа ршьапы иқәнаҟьоит ҳәа рҳәоит Урыстәала АдәАР аҟны
Ажәабжьқәа зегьы
0