Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Жәларбжьаратәи аволонтиортә программа "Ақьиара Амиссиа" аатит Аҟәа

© Sputnik"Миссия Добро" открылась в Сухуме
Миссия Добро открылась в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Жәларбжьаратәи аволонтиортә программа "Ақьиара Амиссиа" аатит Аҟәа.
Иара азырхоуп згәабзиара ԥку ацхыраара рыҭара. Амиссиа хышықәсоуп Аԥсны имҩаԥысуеижьҭеи.
Сынтәа иара ареспублика зегь аҿы имҩаԥгахоит. Москватәи Аҳәынҭқарратә акультура аинститут 30-ҩык арҵаҩцәеи 8-ҩык астудентцәеи 12 мшы ирылагӡаны актиортә ҟазареи арежиссуреи рзы амастер-классқәа мҩаԥыргалоит, аинтеллектуалтә хәмарреи бреин-ринги мҩаԥыргоит, ареспублика аҿари дареи еиԥылоит.
"Уаанӡатәи амиссиақәа қәҿиарала имҩаԥысит. Ижәдыруеит апрактикатә зыҟаҵарақәа мҩаԥаагон. Урҭ рҳәаа иҭагӡаны аныҟәара зцәыуадаҩу ахәыҷқәа рзы аимааҭаршәқәа азҳархион. Агәабзиарахьчареи аҵареи рминистррақәа рҟазауаа апрактикатә зыҟаҵарақәа ирхысны иахьа ироуз аԥышәа русураҿы рхы иадырхәоит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов.
"Ақьиара Амиссиа" еицеиҿыркааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра, МГИК.
Ажәабжьқәа зегьы
0