Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҟәыруа "Ласточка" Аҟәанӡа аара иазкны: аусура ду мҩаԥган

Ҟәыруа "Ласточка" Аҟәанӡа аара иазкны: аусура ду мҩаԥган
Анапаҵаҩра
Афымцадәыӷба "Ласточка" ԥышәара ҳасабла аангыларҭа "Аҟәа" иаҭааит. Иахьазы афымцадәыӷба аангыларҭа "Гагра" аҟынӡа ауп иахьаҭаауа. Аԥышәаратә ныҟәарақәа рнаҩс "Ласточка" аҳҭнықалақь аҟынӡа иныҟәалар алшоит. Раԥхьатәи аԥышәа зеиԥшрахаз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит "Аԥсны аихамҩа" анџьныр хада Леонид Ҟәыруа.
"Ласточка" иақәнагоу аҭагылазаашьа, аихамҩа аганахьала, иара убас афымца, аанҿасырҭақәа ршәагаақәа, ацҳақәа, уҳәа зегьы иара иашьашәаланы иҟазар акәын, уи азы имҩаԥган аԥхьа аҭҵааратә усурақәа, анаҩс иара аихамҩаҿгьы ҳәа азгәеиҭеит аицҿаәжәараҿы Ҟәыруа.
"Раԥхьатәи аԥышәа иаҳнарбеит адәыӷба Аҟәанӡа имаартә еиԥш аԥынгылақәа шыҟам, аха иҟоуп еиҭа аус зыдулатәу, урҭ ақьаад ианаҳҵеит. Анаҩс арҭ азҵаарақәа аҵыхәтәанынӡа иӡбахоит", - ҳәа иҳәеит Ҟәыруа.
"Аԥсны аихамҩа" анџьныр хада иажәақәа рыла адәыӷба маншәалоуп атуристцәа рзы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0